Барбанџьиа, аӡырыҩра, анасыԥ аԥшра - Нанҳәа аламҭалазтәи ақьабзқәа

© Sputnik / Alejandro Martinez Velez / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМужчина прыгает через костер на праздновании Ночи святого Хуана в Испании
Мужчина прыгает через костер на праздновании Ночи святого Хуана в Испании - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа ауха аԥсуаа имҩаԥырго ақьабзқәеи, насгьы абжьыуааи бзыԥааи уи аҿы излеиԥшым ртәы далацәажәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Уаҵәы нанҳәа ныҳәан уахеиҧш (жәытәла нанҳәа 14 рзы, ҿатәла – нанҳәа 27 рзы) аҧсуаа имҩаҧыргоит аныҳәа ааира аламҭалазтәи ақьабзқәа. Ари аухазы ҩысҭаамысхәыс иҟоу зегьы адәы иқәлоит, аҧсцәа рыбжьы уаҳауеит ҳәа азыршьоит. Убри аҟнытә ари аҽны аҩсҭаа итәаны изкылҧшыр, аргама дылырхуеит, рынхара-нҵыра аҧхасҭа азҭо дарбану алеилыркаауеит, убас аҧсцәа реицәажәарагь иазыӡырыҩуеит, урҭ ауаа рынасыҧ еилдыргоит.

Праздник урожая и молодого вина на поляне Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны
Нанҳәа: итрадициатәу аԥсуа ныҳәара амҩаԥгашьеи аҵаки

Азныказы уанахәаҧшуа изакәытә лакәузеи ҳәа угәы иабоит, аха арҭ ақьабзқәа иахьагьы ахархәара рымоуп. Аиҳарак ари аухаз зҽеидызкыло аҿар роуп, урҭ хәмаруеит, иччоит, алаф рылеибахуеит, аҵәы рылеибаҵоит – Нанҳәа аныҳәа аламҭалазтәи ҽазыҟаҵароуп уҳәар ауеит ари амш азы имҩаҧырго зегьы.

Аивгарақәа рымоуп ари амш шазгәарҭо абжьыуааи абзыбқәеи рҿы. Абжьыуаа имҩаҧыргоит "барбанџьиа" ҳәа хьӡыс измоу ақьабз, бзыҧаа – "аӡырыҩра" ҟарҵоит. Ҳәарада, ажәытәтәи аамҭақәа инадыркны иахьанӡа арҭ атрадициақәа атрансформациа иахысит, аҽеиҭакрақәа убоит, убри аан урҭ аҧсахрақәа иаҳагьы азҿлымҳара рымоуп иахьатәи реиҭаҿиаразы.

Ажәытәан, ари аухазы, аҩсҭаацәа рҽырцәырыхьчарц азы рхы ашьҭахь (рхахәы) ацәа (ацәашьы) хәыҷык иааркәымпылны иладырҳәуан, алакәымҳа иалхны аџьар ҟаҵаны ақәыц (амаӷ) ала ихаргьежьны еибаркны аҩны ашә, аборақәа рҿы икнарҳауан – уи ахьыҟоу аҩсҭаа ҧырхага изыҟаҵом ҳәа иҧхьаӡаны. Аҿар ракәзар, рҽеибаркны абнарахь ицон. Уа алакәымҳа ала амца еиқәырҵон, дара хазы рҽыҵәахны уи амца иазҧшуан. Абри аамҭаз зыҽзырҧхарц амца ааигәа инеиуаз даҩысҭаауп ҳәа дкагәаны дыркуан. Абасала аҩсҭаа дылырхуан, аҧхасҭа рызҭоз деилыркаауан. Ирҳәоит уи амш ала аҭыӡшәақәагьы аныҟалоз ыҟан ҳәа.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа жәлар рамзар

Ҳаамҭазгьы алакәымҳа аџьар сахьа аҭаны акәым, аха, амахә ааганы ауаа рыҩны ашәқәа рҟны иавҵаҵан иҟарҵоит, ихыршьуеит. 

Ажәа "барбанџьиа" аҵакы ҳа ҳзы еилкааӡам. Уи аныҟарҵоз аҭырас, аҭәа амца адыркуан. Абри ахыҷ-мыҷ иахылҵуа абжьы аҟынтәи иара ахьӡгьы аауазар ҳәа агәҩара ҳамоуп ("игәыргәыруеит", "ибарбаруеит").

Барбанџьиа лара лыҩнаҭаҿы ишыҟалҵо атәы ҳара иаҳзеиҭалҳәеит Гәыҧ ақыҭаҿы инхо Ханагәуа Светлана Уарҭан-иҧҳа:

"Ахәысхәа ажәла аамхны исҵәахуан, убри ала абарбанџьиа ҟасҵон иансымаз, иансымамыз арас рҩаны заанаҵы ирхны ишьҭасҵон, нас ауыха, амца аркны, аџьыкхыш ухы иаакәыршаны, ҭаацәала зегьы, амца аркны, хынтә-хынтә уахыҧоит. Уахынла закәызаалакь, еимааума, маҭәоума, закәызаалакь адәахьы инрыжьӡом, избанзар аҩсҭаа даҧырхагахоит ҳәа".

Иахьагьы лара абас еиҧш амца ҟаҵаны, лмоҭацәа аџьыкхыш рхы иакәыршан, амца иақәыҧсан раҩсҭаахә дылбылуеит. Ажәытәан еиҧш, иахьагьы аилашәшәра ианалаго инаркны, уахынла хәыҷи дуи наҟ-ааҟ хынтә-хынтә амца инахыҧоит. Уи иара ақьабз анымҩаҧыргалак ашьҭахьгьы акыраамҭа еиҧырҵуам, ахәыҷқәа еицлабны еисоит, реиҳа амца андуу изахыҧо ҳәа. Еибархәмаруа акыргьы аҵх ргоит.

Бзыҧаа рҿы акәзар, ари аухазы, асааҭ жәаҩа рышьҭахь аҭыҧҳацәа, арҧарцәа гәыҧ-гәыҧла рҽеибаркны, ҳанасыҧ еилаҳкаауеит ҳәа хы-мҩак ахьеихало итәаны "иӡырҩуеит". Ҳаамҭазы, ас еиҧш ҟазҵо аиҳарак аҭыҧҳацәа роуп, насгьы урҭ ари аухазы аҧсы иҧхьангьы дааганы иҧшуеит, еиуеиҧшым азҵаарақәа ирҭоит.

Дәрыҧшь ақыҭа инхо Џьениа Емма Кәыта-иҧҳа ианлаазгьы ас еиҧш аӡырыҩра шыҟарҵоз атәы лгәалалыршәеит абас, уи иазҿлымҳахаз лмоҭагьы ишыҟалҵаша лалҳәеит:

© Фото : предоставлено Эсмой ТодуаЏьениа Емма Кәыта-иҧҳа
Барбанџьиа, аӡырыҩра, анасыԥ аԥшра - Нанҳәа аламҭалазтәи ақьабзқәа - Sputnik Аҧсны
Џьениа Емма Кәыта-иҧҳа

"Жәаҩа рынахыс, шәтәоит абас, шәҽааидкыланы [шәнеиуеит] шәааигәара, шәыччар ҟалаӡом, ҿышәҭыр ҟалаӡом, ажәак шәҳәар ҟалаӡом, шәеимҳәар ҟалаӡом, уцәа уафоит ҳәа уалагозар, алаба хәыҷы укуеит, абас иааубыӷоит. Аҧсрақәа, Анцәа абзиара ҟаҵа, аҧсра Анцәа иҟаумҵан, аха аҧсра ахьыҟалаза, иҳәҳәо агәара иҭалоит, ачанахқәа рҟьо, ачанахқәа рыӡәӡәошәа ҟарҵоит. Ачара ахьыҟоу ашәа ҳәо агәара иҭалоит. Абасоуп изыҟоу. Шәызтәозар, аха аччара шәакоит, ишәзеиҿкаауазар гәашәҭ", – ҳәагьы дналылабжьеит.

Абас еиҧш аччара, алаф ацны ирхыргоит ари ауха, лацәааихьшь ҟамҵакәа зынасыҧ иазыӡырҩуа изыршогьы дубап.

Ажәабжьқәа зегьы
0