Ахшыҩеилаҵара, аҳаҭырқәҵара, аиашара: аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазара аҷыдарақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАлабашьа.
Алабашьа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ Марина Барцыцԥҳа иацылҵоит аԥсуаа наџьнатә аахыс ирымаз ажәаҳәара атрадициа дуқәа ирызку ланҵамҭа.

Иарбанзаалак ажәаҳәаратә ҟазараҿы хԥаны ишьақәгылоуп ажәаҳәа: узлацәажәо адырра, уи алацәажәара азин амазаареи аиашареи, насгьы узлацәажәо емоциала, гәыкала иухьааны азыҟазаара. Убасҟан акәын уажәаҳәа аныррагьы аныҟанаҵоз, ауаагьы ирыдыркылартә уара иуҳәо ашҟа риагара анулшоз.

Иарбан қәгыларазаалакгьы хы-хәҭакны ишьақәгылоуп: алагамҭеи, ихадоу ахәҭеи, ахыркәшареи. Иҟалалоит алагамҭеи анҵәамҭеи узырманшәалар, агәҭаны иузмырҽеизгьы алаурԥшӡар.

В.Г. Арӡынбеи иԥшәмаԥҳәыс С.И. Џьергьениаԥҳаи - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқар ихыԥша шьҭызхуа, мамзаргьы ахада иԥшәмаԥҳәыс ауаажәларраҟны лроль

Зегь реиҳа акрызҵазкуа аамҭоуп алагамҭа - праим-таим ҳәа изышьҭоу. Ҿыц иаақәгылаз ауаҩы ииҳәарызеишь ҳәа ажәлар рылақәа ҭырхаха изыԥшуп. Убасҟан ихадоу аҭыԥ ааныркылоит раԥхьо ииҳәо ажәақәа. Уи зышҟа ихы нархоу ажәлар рышьҭыхра, раҳаракыра иатәызароуп. Зегь иреиҳау ҳаҭырқәҵароуп аԥсуаа ражәеицааира - "Ажәлар шәхацкы!". Уи иаҵанакуеит: "ишәыхьша сыхьааит", "шәцымхәрас сыԥсааит", "шәхы аҵкыс сҟалааит", "сшәызӡатәзааит". Уи еиҳаны иӡырҩуа рышьҭыхра ҟалашам. Уи иагьныҳәаԥхьыӡуп, иагьқәроуп ажәа амч ахьамоу акультураҿы. Иахьатәи аамҭазы уи аҳәара рцәыуадаҩхо иалагеит ҳполитикцәа, Владислав Арӡынба дахьалам.

Ажәлар абзиара дырганы ицәажәатәын: "ҳаҭыр зқәу ажәлар, шәара аҵыс ашьапы ԥҵәазар, аиԥшьышьа здыруа (аинраалара иатәызар), ма "абрысҟак збахьоу, изхызгахьоу ажәлар…" убас иҵегьы. Ажәлар ажәа зырҭаз ацәажәаҩ ихашәа хы имбо, ихы ду беиа ибо, иҽхарззалан, иҽырхықәымҵан акәымкәан, ишысҳәахьоу еиԥш, иара еиҳа иҽыларҟәны, ихы ӡырымгацәакәа, изыӡырҩуа шьҭыхны, абзиара дырганы дцәажәон: "ишәзымдыруа ишәасҳәозеи?!", "сара ара ишәзымдыруа ак шәасҳәап ҳәа акәӡам сзааиз", "ахшыҩ шәсырҵошәа иҟамлааит", "сеиздыруа (сара издыруа)", "Ҳазшаз ида зегьы здыруа иҟада?!" убас иҵегь.

Аханатә ишазгәаҳҭаз еиԥш, ажәаҳәараҿ раԥхьаӡа игылоуп адырра, аилкаара. Иқәгыланы ицәажәо дызлацәажәо еилкааны идыруазароуп, аус иахәаша, иҿыцу, ирымҳәац акы иҳәозароуп. Аха уигьы, ирҳәо акгьы иаԥсам, уажәы сара шәсырҟәышуеит ҳәа акәымкәа. Иара иаԥхьа иқәгылахьаз ыҟазар, убарҭгьы раҳаҭыр баны, аус иахәаша акгьы рымҳәазаргьы абзиара дырганы, "ара саԥхьа иқәгылаз ибзиаӡаны ирҳәеит, иацысҵар исҭахыз…" иҳәон. Уимоу ибзиан урҭ ражәақәак еиҭеиҳәар, уахь ихьеирԥшыр. Уи иаҵанакуан - ибзианы дӡырҩуан, ражәа ихәшьадит, нас иара итәгьы наԥишьит.

Иааидкылан, абри акәын ахшыҩеилаҵара. Иқәгылоз џьара гхак ибоны иҳәозар, "ажәлар шәыпату схы иқәуп", ҳәа нацҵаны акәын ишцәыригоз. Ажәлар ирҟәышуашәа, уимоу драӷьуашәа ҟалашьа змамыз акәын. Иахьа апартиа еизарақәак рҿы иацы игылаз аҿар рҟынтә аҵара салганы сааит ҳәа аӡәы дааины, иԥышәа ыҟамкәа, иааԥсара ыҟамкәа: аиҳабыра абиԥарақәа ана шәиашамызт, ара ас акәын ишыҟашәҵашаз ҳәа ажәлар лахь риҭо, ирҟәышуа ус ихы иаҭәеишьомызт.

Ҳәашьа змам акгьы ыҟамызт, убригьы дипломатиала амаа аҭашьа удыруазар акәын, зыӡбахә умоу абзарӡы дарганы нас "абра маҷк риашашьак амазар, сара сдырра ахьынӡаҟоу" агьиҳәа акәын. Шамахамзар уи рҽацәырхьчон, аха ажәлар ахьеизаз, хьыӡҳәала лахь зырҭаз ауаҩы уи адамыӷа инырҵар иаҩызан, дшыбзаз дыршьит ҳәа аҵанакуан.

Аоратор иажәаҳәа фактла, аргументла ишьақәыргылан, уи иамазар акәын алогика. Иаҭахызар маҷк аҭоурых ала далагаргьы ҟалон: "ахы умҳәакәа, аҵыхәа узҳәом", ҳәа иӡырҩуа апроблема ахьынтәаауа иазхьаирԥшырц. Ихшыҩи-иажәеи еилататамзар акәын, макәымзар "аҳа дшықәу аҵәа дықәлоит" ҳәа иџьыршьомызт. Џьара зхьарԥшрак ҟаиҵозар, ҿырԥштәык ааигозар: "ажәеи ажәеи еихысҳәаауеит, аха…" , ҳәа инациҵон. Дызну ацәаҳәа дықәымҵӡакәа, атема дызлацәажәо дацәхьамҵкәа, "изхысҳәаауа", "сыззааир исҭаху", ҳәа ихшыҩҵакқәа неиԥшьуа, дышьҭрақәлан, ихадоу ихшыҩҵак иазааигар акәын изыӡырҩуаз.

Ажәахә аԥсы ахазар акәын, ҿырԥштәыла, жәаԥҟала, ажәа ԥшӡала ихыркызар акәын. Иаҭыԥзар, алафгьы иҳәар, иӡырҩуаз ирччар ҟалон, ма ихы дахлафаар, аха уи аҭагылазаашьеи илацәажәо ауси зеиԥшраз еиԥш, насгьы уи иазҟазаз аӡә иакәзар. Ацәажәаҩ дышнеиуа, рифмала, ритмла еинаалоз ажәеицааира агәылаиргылар алшон иажәахә, уи амч анаҭон иажәаҳәа.

Работа Батала Джопуа - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарра ахықәкы – ажәлар реиқәырхара ауп

Ақәгылара адиалог ала иргыларгьы ҟалон ажәаҳәаҩ. Иаҳҳәап, абас анысҳәалак, иӡырҩуа зҵаарак, ма ҽԥныҳәак рызцәырҵыр ҟалоит игәахәуазар, "уажә ус зҳәо дҟаларгьы ҟалоит, абри абас зиҳәеи, ҳәа, аха…" ҳәа ихала ихы азҵаара аҭаны аҭакгьы иара иҟаиҵон. Аҿаԥыц ду змаз аораторцәа дуқәа, уажәы Шамы Осман иеиԥш иҟаз, егьырҭгьы, ажәлар сааҭла ршьапы иқәгыланы ажәак реиҩымшәо иззыӡырҩыр рылшоз ацәажәацәа, рхы иадырхәон, иаҳҳәап, ариторикаҿы афилософ Платон итехнологиа ҳәа иршьо.

Убас, ицәажәо ажәлар рахь ихы нарханы дрызҵаауан хымԥада ааи ҳәа аҭак зызирҭаша дырны, "сиашоума?", "ус ауми?!", "ишысҳәаз аума?!" ҳәа. "Ус ауп! Уиашоуп!" ҳәа аӷзаа ааилдыргон изыӡырҩуаз. Ари атехнологиа маӡас иамоу убри ауп, иузыӡыҩруа хынтә ааи, ҳәа ануздырҳәа, аԥшьбатәи аан убри иашьашәалоу, аха уара иззаугарц иуҭаху ухшыҩҵак азгьы "ааи" ҳәа рҳәоит ишьҭрақәлан. Убри аан, иаҳа иӷәӷәоу аргументқәагьы аҵыхәахь ииаигон, мап рзацәымкуа.

Ажәа ауаа ргәаҟны инеиразы, гәыкала, иашарыла, аемоциа аҵаҵаны иҳәазар акәын. Ахықәкы – ахи аҵыхәеи аиаша акәын. Аиашара акәын иззааитәыз. Акраҵанакуан идырны амц амҳәара, иззымдыруаз усгьы ддырмызт, ддырцәажәомызт. Шамахамзар, Аԥсны ианакәызаалак ауаа ржьара жәытәгьы-ҿатәгьы иуадаҩын, еибазымдыруаз, уимоу абиԥарала зыӡбахә рмаҳацыз маҷын, ауаа нагақәа ззырҳәоз уи аҩыза рыхгьы ианаршьомызт.

Аԥсуаа ражәа ишалоу еиԥш: "амц ашьапы кьаҿуп, шьыжьымҭан идәықәлаз хәылбыҽханынӡа аҽашьуеит" рҳәоит. Жәлар реизараҿы, "уиашам", мамзаргьы "амц уҳәеит" ҳәа аҽԥныҳәа зырҭаз иҽудишьылон. Иқәгылоз иӡырҩуаз рҟынтә аӡә диԥыҩло, ҿҭны дхьижәо, 21-тәи ашәышықәса раԥхьатәи ашықәс инаркны аизарақәа рҟны ицәырҵыз ҳоппозициа иҟарҵо иалагаз - азал аҟынтә аҿҭра, иқәгыло иԥыҩлан дыдмырцәажәо - уи џьашьатәын, ҟалашьа змам усын уаанӡа.

Ус ҟалахьан 100 шықәса раԥхьа 20-тәи ашықәсқәа раан Мықә ашҭа ажәлар реизараҿ, иқәгылоз изы "уиашам, амц уҳәоит" ҳәа иӡырҩуаз аӡәы анҿиҭ. Еги иажәа намыгӡаӡакәа ҿызҭыз ара уааи ҳәа дааиԥхьеит, данааидгыла, иҟама ааҭԥаны, иламҳа днамҵасны, иааҿкәыцәааны, атрибуна инықәыршәны, ажәлар днарылсны дцеит. Аус ашьаурагьы ахылҿиааит, иҟазҵаз ҭаацәала Гәдоуҭа араион ашҟагьы дыхҵәеит, Нестор Лакобагьы даланагалт уи аинраалара.

Аԥҳәысмусхә аԥсуаа рытрадициаҿи иахьеи>> 

Убасгьы, ԥхашьаран ҳәа иԥхьаӡан ацәажәара иаҿу иажәа далгаанӡа изыӡырҩуаз рцара, уи ҳаҭыреиқәҵарамызт, леишәамызт. Аҵыхәтәантәи ҳаибашьра алагамҭазы аԥсуаа ирзымбатәбаран Аԥснытәи Иреиҳаӡоу Асовет иалахәыз ақырҭқәа, аизараҿы иргәамԥхоз акы анраҳауаз, игыланы иахьцоз.

Ашәҟәыҩҩы, ажурналист Зинаида Рихтер 1923 шықәсазы илыҩуан: "Но никогда мне не приходилось присутствовать на таком сдержанном, я бы сказала, культурном собрании. Абхаз выслушивает оратора – не перебивая его ни шумом, ни возгласом, в классической бессознательно-величавой позе, опираясь на высокий посох или винтовку. Противнику дают высказаться до конца, а возражают с изысканной корректностью, которой мог бы позавидовать любой лорд. Они очень солидарны и дисциплинированы, все вопросы решают необычайно быстро".

Хыхь ишысҳәаз еиԥш, ажәа ахыркәшашьа акраҵанакуан, уи маншәалахар, ахала ажәаҳәа зегьы ҭнагар алшон. Ақәгылара гәышьҭыхрыла ихыркәшатәын, ажәлар ргәы шьҭызхуа, ирылымшаша рылзыршоз, рхы агәрагара рызҭоз ажәақәа рыла инырҵәатәын. Уи икьаҿу слоганзар бзиан. Иара ақәгылара зегьы ахаҟынтә аҵыхәанӡа иахьынӡауаз еилацалан икьаҿзар акәын. Игәыԥҵәагамкәа, ажәа зырҭаз иҵегь иҳәаландаз шыргәахәуаз ихиркәшар бзиан. Аизарақәа, шамахамзар, ашҭақәа рҿы имҩаԥысуан, ажәлар ршьапы иқәгылан акәын ишыӡырҩуаз. "Ажәлар, ажәа шәасыршьит! Аҭамзаара саҳәоит, аринахысгьы абзиарақәа рзы ҳаибабалааит!" ҳәа иажәа хиркәшон ажәаҳәаҩ.

Иахьа аполитикаҿы, имаҷхазаргьы, макьанагьы аԥсуа ражәаҳәаратә традициа дуқәа рҿырԥштәқәа уԥылар ҟалоит ҳаԥсуа қыҭақәа рҿы имҩаԥысуа ацәгьа-абзиа арҽеираҿы. Еталонуп ззуҳәаша ажәаҳәақәа иахьагьы изаҳар зҭаху шамахамзар илшоит иаҳар аԥсы ихцәажәара аан, аԥсыжра аҽны. Урҭ аиҳабацәа рлабашьа нарсны ианцәажәо ақьаадгьы рҭахым, микрофондагьы рыбжьы ашҭа ахы-аҵыхәа иахыҩуеит.

Иааидкыланы, аԥсуа ражәаҳәаратә культура ду итрадициатәу ижәытәӡатәиу адемократиатә институтқәа рҟнытә иаауеит. Жәлар реизарақәа рҿы рыхшыҩ еилаҵаны еицырзеиԥшыз рԥеиԥш, рлахьынҵа аӡбара рылшон. Нас акаҿы иааибаганы, рус ӡбаны, рҳәоуи рыжәҩеи еибыҭан зҽызыԥсахыз аамҭа иашьашәалан иацныҟәон.

Аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазара иазку аматериал актәи ахәҭа шәаԥхьар ҟалоит абра: Аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазара

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0