Аӡы амчра, мамзаргьы "Аӡы иҭоу" ҳәа аныҳәара шыҟарҵо

© Sputnik / Томас Тхайцукашьха ӡиас
ашьха ӡиас - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡы иадҳәаланы аԥсуаа ҳҿы имҩаԥыргоз ажәытә қьабз иазкны аматериал еиқәлыршәеит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы аӡы амчра згәылаҵәаху цәырҵрак аҳасабала иахәаԥшуеижьҭеи акрааҵӡоит. Уи еиԥш агәаанагара ашьаҭа аҳаит аԥсабараҿы иҟоу ацәырҵрақәа зегьы ԥсы рхоуп ҳәа анырыԥхьаӡоз ажәытә аамҭақәа рзы.
Аԥсуаа ргәаанагарала аӡы зегь абоит, аԥсы ахоуп, иалшоит агәаара. Ҭаацәарак аӡы рыгзмыжьуа аӡыхь еилхәраа азааигәара агәамсам каужьлар, аҳаҭыр умбар, лассы-лассы еиҵумхлар (иумрыцқьалар), аӡы гәаан, иҭабар, мамзаргьы аҽаҵәахыр алшоит.

Аԥсуаа ҳҟны аӡиасқәа, аӡыхьқәа, акәарақәа, аӡиақәа дырхылаԥшхәуп Ӡыӡлан-ӡаҳкәажә.

Аҭаацәара иалахәу ахәыҷы-аду аӡы ианцәахәу дырхылаԥшларц, илыхьчаларц, дырԥырхагамхарц аԥсуаа имҩаԥыргоз ажәытә қьабз "Аӡы иҭоу" ахьӡуп. Ари аныҳәара мҩаԥыргаанӡа ахәыҷқәа ӡҭалара ирышьҭӡомызт, ихьчаӡам "Аӡы иҭоу" лылԥха рымаӡам, убри аҟнытә аӡы иагар, иахәаҽыр, мамзаргьы машәырк рыхьыр алшоит рҳәон.

"Аӡы иҭоу" - ари аҭаацәара рымацара иртәу ныҳәароуп. Имҩаԥыргоит еиҳарак аӡы азааигәара инхо аҭаацәара. Иахьныҳәогь аӡиас ахықәан оуп. Идырныҳәо аԥҳәыс цқьа дрыжәлантәызар ҟалон, аха рҭаацәара датәымзар акәын. Аныҳәара анымҩаԥыргоз аамҭан шьхацан, ма шьхалбаан. Ныҳәара шаанӡа ицон, ишылашьцаз.

Аҟармаратәи аӡиас иху ацҳа ҭакнаҳа - Sputnik Аҧсны
"Бжьы-мшынк дырхысҭәҳәалт": аԥсуаа аӡы ишазыҟоу

Аныҳәара иадыргало марҭхәқәан: ирныҳәо рыцыԥхьаӡа ҩба-ҩба ашә згәылоу акәакәарқәа, ахарҵәыӡҩа, ацәашьы, аҵәымӷ, аԥараҿырп, арасаҷын. Акәакәарқәа наганы иржәуеит аӡиас аԥшаҳәаҿы.

Аныҳәаҩ амрагыларахь рхы рханы, зегьы еиҳабы-еиҵабыла инеиваргыланы, иҿыцу ашьаршьаф (абжьыуаа рҟны "азенҵиар") шкәакәа рхалыршәуан, аҿацәқәа асаара ишьҭасуа. Анаҩс, лхаҭагьы акасы шкәакәа налхаҵаны, амрагыларахь лхы нарханы днагылоит. Ҩ-кәакәарки, кәтаӷьки, ҵәымӷки аашьҭыхны аӡиас инхыршәланы, аӡиас ахықә аҿы ацәашьы аркны иналыргылоит. Убарҭқәа рышьҭахь аӡқәа раҳкәажә длыҳәоит ҭаацәаныла џьара гәнаҳарак рымазар, ирхылхырц.

Нас илныҳәоз рышьҭахь ала днеины ирхаршәу ашьаршьаф рхылхуеит. Даргьы аӡәаӡәала инеины аӡы аԥараҿырп ҭарыԥсоит. Анаҩс, аныҳәаҩ аӡахьы длалбааны зегьы аӡы рықәылҭәоит, ҩба-ҩба кәакәар шаны инарылҭоит. Уа ишыҟоу ркәакәарқәа ахарҵәыӡҩа надкыланы ирфоит. Акәакәарқәа анырфалак ашьҭахь, "Аӡы иҭоу лылԥха шәымаз, агәы-шьамхы шәымаз, иатәыз ачеиџьыкала иахьарнахыс шәҿыхуп, аӡы иҭоуи шәареи акгьы шәзеилам! Аҩныҟа шәца, аҩныҟа шәца!" – ҳәа наҳәаны, аныҳәаҩ арасаҷын ҟьо, дрықәмақаруа, илалгаз зегьы аҩныҟа ихалцалон аӡахьы ихьамырԥшӡакәа.

Аныҳәаҩ дзыхныҳәаз афатә агьама абара азин лымамызт, азин змаз ирныҳәоз ракәын. Данцоз илныҳәаз рҟнытә ҳамҭас илырҭарц иақәнаган инахьхьи рхы иқәлыршәыз ашьаршьаф ҿыц аԥара нагәылаҳәаны.

"Аӡы иҭоу" иашьашәалоу аныҳәара аԥсуаа имҩаԥыргон аҩнаҭаҿы иаанагаз аҭаца ҿыц илыдҳәалангьы. Аҭаца дрыманы аӡыхь ахь инеиуан. Анхәа, ма аԥҳәыс хатәра дныҳәон. Аҭаца аӡы аԥхьа дшьамхнышгылоит, аныҳәаҩ аӡы ахылаԥшҩы Ӡыӡлан-ӡаҳкәажә длыҳәоит аҭаца ҿа дылхылаԥшларц. Нас акәтаӷь хынтә лхы иахыркәшаны, аӡы иҭалыршәуеит. Аӡы анцәахәы лгәы аҟаҵароуп хықәкыс иамоу акәтаӷь наганы аӡы ахыршәлара.

Аматериал аиқәыршәараан ахархәара рызун афольклорист Цира Габниаԥҳа лусумҭақәа

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0