Аиааира ҳзаазгаз ҳа ҳбызшәа – аибашьра амаӡа бызшәа

© Foto / Фотоальбом "Аиааира"Аԥсуа еибашьҩы арадиоеимадарала аиҿцәажәара мҩаԥигоит
Аԥсуа еибашьҩы арадиоеимадарала аиҿцәажәара мҩаԥигоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иарҿиеит имаҷымкәа аҿаԥыцтә жәабжьқәа, ашәақәа, ажәеинраалақәа, алафқәа. Урҭ зегьы аԥсуаа знысыз ари аҭоурых мҩа аадырԥшуеит. Уи аамҭазы иит аӷа изеилымкаарц иаԥҵаз амаӡа бызшәагьы. Уи дазааҭгылоит НААР аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Аԥснытәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аԥсуа иԥсҭазаара зегьы аазырҳәыз ҭоурыхтә аамҭа хҵәаханы иҟалеит. Ҳаԥсҭазаара аҽеҩнашеит аибашьра ҟалаанӡатәи аамҭеи аибашьра ашьҭахьтәи аамҭеи ҳәа. Ицәырҵит ажәеицааира "аибашьра иалиааз" – аибашьра анцоз аамҭазы ииз ирызкны. Ари аибашьра иарҿиеит иара ахатәы аҿаԥыцтә ажәабжьқәагьы. Урҭ цәырҵуан аибашьра анцоз аамҭазы еиԥш, уи ашьҭахьгьы. Иахьа иаҳагьы еиҭарҳәо убоит урҭ ргәалашәарақәа, уаанӡа аасҭагьы.

Аибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иацынҵәаз: Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых

Аибашьра иаԥнаҵеит ашәақәа, ажәеинраалақәа, еиуеиԥшым ажәабжьқәа, алафқәа. Жәылара ианцоз икәашо, ишәаҳәо, ргәы шьҭыхны аԥсра иаԥылон. Ас еиԥш аамҭа ианҭанаргыла, жәлар рыхдырра рышьҭрахь ихьанарԥшит. Аԥсуаа еснагь рыдгьыл ахьчаразы иангылоз, қәылара ианцоз иныҳәа-ныԥхьон, афырхаҵаратә ашәақәа рҳәон, ишьацәхыртәны икәашон. Убас иҟалеит ари ҳаибашьра аангьы. Иуҳәар ауеит уи аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа цәырнагеит хәа: Владислав Арӡынба изкны аибашьцәа иаԥырҵаз ашәа инаркны, аӡәымкәа, ҩыџьамкәа Аԥсны афырхацәа рыхьӡала иаԥҵоу ашәақәа рҟынӡа.

Убас ари аамҭазы иит даҽа бызшәакгьы – уи аибашьра аан ахархәара змаз амаӡа бызшәоуп. Ишаԥырҵо еиԥш ахәыҷқәа рхатәы маӡа бызшәа аду изеилымкааразы, мамзаргьы еиуеиԥшым агәыԥқәа, иаҳҳәап уск иадҳәалоу, зхатәы маӡа бызшәа змоу, иҿиеит аибашьра амаӡа бызшәагьы. Иҳәатәуп, ари абна бызшәа ишеиԥшым: абна бызшәаҿы иҿыцу ажәақәа архаикатә шьаҭа змоу ыҟазар, араҟа иҟоу имариоу, есыҽны ахархәара змоу ажәақәа роуп.

Иазгәаҭатәуп, амаӡа бызшәа еиуеиԥшым ақәыларақәа раан рхы ишадырхәоз Кавказ ажәларқәа аӡәырҩы. Қәылара ианцоз ирҳәоз аӷа изеилымкааразы иаԥырҵон амаӡа бызшәа, иҷыдоу ацәажәашьа. Абас зхатә ҷыдара зманы иҟалаз ажәақәа иреиуоуп абарҭ уажәтәи аибашьраан хархәара змақәаз: аҟәыдыршьшьыга – авертолиот, акамбашь – атанк, амгьал – атанк ԥызжәо амина, абора – ақырҭцәа рыштаб, ашьарақәа – аминомиот иҭарҵо ахқәа рзы, араса – апатронақәа рзы уҳәа. Ари амаӡа бызшәа ахархәара анамаз аиҳарак рациала ианеицәажәоз акәын.

2014 шықәсазы Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр иҭнажьыз ашәҟәы "Аибашьра ахроника: аинрал Гиви Агрба иҿаԥыцтә гәалашәарақәа" ҳәа хыс измоу аҟны иуԥылоит абри амаӡа бызшәа. Гиви Камыгә-иԥа Агрба игәалашәарақәа еиҭаҳәо дазааҭгылеит абас еиԥш иҟаз епизодк, аԥшыхәра ишаҿыз иҩызцәа дынрылҵын, ақырҭцәа рыштаб аҿы дышнеиз атәы. Нас уи рациала иҩызцәа иҽрымеидан, абас еиԥш ааицҳауан:

"Аԥсшәа зҳәо, аԥсышәала усацәажәа... Уажә сахьыҟоу удыруоу? – сҳәан, – Ааи, издыруеит, – иҳәеит. – Убра нырцә, – 117 сҳәеит, – сахьгылаз, ажәқәа рбора сыман, сбора ахьыҟоу умдыруеи? – сҳәан, – Ааи, издыруеит, – иҳәеит. – Убарҭ ажәқәа аасцоит ҳәа сцан, сахьнеиз, ажәқәа ыҟаӡам, иахьцаз сыздыром. Еилукаама? – сҳәан, – Еилыскааит, еилыскааит, – иҳәеит"...

© Фото : из архива семьи АгрбаАԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба
Аиааира ҳзаазгаз ҳа ҳбызшәа – аибашьра амаӡа бызшәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба

"Абора" ҳәа араҟа дызҿыз ақырҭцәа рыштаб акәын, "ажәқәа" – ақырҭцәа.

Аибашьра ду аветеран Паҷ Шьаҳан-иԥа Ҷанба дылгәалалыршәоит уи имаҭа Сырма Ашәԥҳа.  - Sputnik Аҧсны
Шәаҳәарыла аибашьра аҭоурых еиҭазҳәоз: аофицар Ԥаҷ Ҷанба иҭоурых

Ишаҳбо еиԥш, хархәара рызун зегьы ирдыруаз имариаз ажәақәа шифрк аҳасабала даҽа ҵакык аҵаҵаны. Шамахамзар, ирҳәоз ажәақәа здыркылоз иара зеиԥшныршьалоз асахьа рхаҿы иааганы акәын. Арҭ ажәақәа зегьы еизганы иҟаӡам. Хымԥада аибашьцәа ргәалашәарақәа реизгареи ранҵареи акрызҵазкуа усуп, уи хәы змаӡам ҭоурыхуп аԥхьаҟа игыло абиԥарақәа рзы.

Иалкааны иҳәатәуп, аӷа ииааираҿы ацхыраара ҳазҭаз ҳхатәы бызшәа шакәу. Аҭынч ԥсҭазаараҿгьы аинформациатә еибашьра анцо ҳхатәы бызшәа аԥыжәара аҳҭалар, хымԥада еснагь икылԥш-кылӡырҩуа иҳашьҭоу ҳаӷа араҟагьы ҳаииааиуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0