Даду иҳәамҭа: "Аҭаца ӷәӷәа ллакә" азы ажәақәак

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВсадница
Всадница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ҳдоуҳатә культура ухаҿы иузаамгар ҟалап ашәышықәсақәа зхыҵуа, абиԥарала еимырдоз жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа рыда. Жәаҳәарада, урҭ аҿаԥыцтә рҿиамҭақәа гәылырҭәаауп жәлар рҟәышрала, иреиӷьу ахшыҩҵакқәа рнубаалоит. Адгьыл иҵхәраауа аӡыхьқәа реиԥш ицқьоуп.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Изааӡари, аԥсуа фольклор иахәышҭааран, иахьагьы иахәышҭаароуп аԥсуа қыҭа. Саргьы убас иҟоу аԥсуа қыҭа Ԥақәашь салҵит. Уи еснагь сазгәдууп. Ари ақыҭаҿ имаҷҩымызт зажәа хшыҩрҵагаз ажәабжьҳәаҩцәа шьахәқәа – змаҭацәа алакә ссирқәа рзеиҭазҳәоз. Урҭ дыруаӡәкын жәаха шықәса раԥхьа зыдунеи зыԥсахыз сабду Ҭаниа Колиа Жьыгәа – иԥа.

Ажәытәтәи асаӡ жәлар еиҭарҳәоз алакә "Аҳ ԥҳәыс дшааигаз"

Схәыҷра ашықәсқәа насыԥла иҭәын, алакә гьама ахыскаауан иара ибзоурала. Дахьцалак агага еиԥш сицын. Аԥхын мшқәа раан адәахьтәи иусқәа данрылгалак, ашәаԥыџьаԥ рышәшьыра амҵан, ма аӡын ҵхы ҭбаақәа раан ахәышҭаара аҿаԥхьа днатәаны, ҳаи, иаанымҵәандаз ззуҳәаша лакәк аацәыригон. Урҭ агәалашәарақәа хашҭшьа рымам, сыԥсы ахьынӡаҭоу.

Убас аӡынра даара игьамоу, агәгәаҳәа амца ахьеиқәыз ҳхәышҭаара сахьыныҽҳәатәаз, дырҩеигь урҭ ацәаныррақәа снарыланагалан, иаасгәалашәеит сабду исзеиҭаиҳәахьаз лакәк "аҭаца ӷәӷәа" илыхҳәаау. Аԥхьаҩцәа уи алакә шәаргьы ишәдыруазарц сҭахуп.

Қыҭак аҟны дынхон-дынҵуан ҭаца ӷәӷәак. Шьыжьымҭанк акамбашь шылхьоз лыхш канаҭәеит, дангәаа, аҵыхәа ианкны икыдылҟьеит. Ари гәаиҭеит лабхәа, аха алаҿимҭит.

Ҽнак зны абри ақыҭа даҭааит хаҵа ӷәӷәак. Уи ажәлар ирылаиҳәеит имч ԥишәарц дшааз.

Коса - Sputnik Аҧсны
Соура уоураны, сыҭбаара уҭбаараны: ахцәы иадҳәалоу аԥсуаа рыгәрагарақәа

Ақыҭан иҟаз абыргцәа еилацәажәарц ақәыркит, рқыҭантә иҿагылараны иҟоу далырхырц. Аизараҿы аҭаца лабхәа ҿааиҭит:

— Сара издыруеит иҿаҳаргылаша ахаҵа гәымшәа, сара даазгоит, шәара сыгәра жәга, шәыҩныҟақәа рахь шәца! – ҳәа.

Аҩны данааи абхәа аҭаца илаиҳәеит иҟалаз ахҭыс, уаҵәы ахаҵа диҿагылараны дшыҟоу. Аҭаца аԥхьа мап лкит, аха нас дақәшаҳаҭхеит.

Ианааша, хаҵа маҭәала лҽааилалҳәан аизарахь дцеит. Уа даннеи, ахаҵа ӷәӷәа дахьтәаз днеит инапы анимылх, инацәкьарақәа ҭлырԥеит. Данааиватәа, ижәҩахыр данықәс, ихылжәеит, аха ичҳаит. Ахаҵа имаз ахьаа чҳауа дыштәаз, еизаз ажәлар аисара ҳалагоит ҳәа наиарҳәеит.

Усҟан ахаҵа ӷәӷәа ибжьы ныҵакны ҿааиҭит:

— Мап, абаақәа, сара уажәшьҭа ак зылшо сакәым, смырԥхашьакәа сымҩаԥыжәга, — ҳәа.

Ииҳәазгьы нарыгӡеит, иажәа ҩбарымтәит. Абасала, аҭаца ӷәӷәа аиааира лгеит.

аҩымсаг иадҳәалоу аԥсуаа рыгәрагарақәа - Sputnik Аҧсны
Аҩсҭаацәеи алаԥши умԥан иқәнажьлом: аҩымсаг иадҳәалоу аԥсуаа рыгәрагарақәа

Аиашазы, ари алакә рацәак ашәагаа шдумгьы, уамырхәыцыр залшом. Избан акәзар, наџьнатә аахыс ҳауаажәлар рҵас инақәыршәаны аҭыԥҳа аҩнаҭаҿы драаӡон дыхԥарамкәа, илҳәо-илуа лдыруа. Дызтәу лҭаацәа рзы дгәазырҳаган, анаҩс, дызланагало рзы дхырҳаган, рымаҵушьа дақәшәо. Аха аԥсуа ԥҳәызба аԥшӡареи аҟәымшәышәреи раамҷыдарахазгьы, афырхаҵара анаалырԥшуа аамҭақәа рацәаӡан.

Уи афольклори алитературеи рҟнытә иагәылыԥхьаау ахаҿсахьақәа Баалоу-ԥҳа Мадина, Камаҷыҷ уҳәа иреиԥшу – имшәаӡо агәы зызҭаз. Ус еиԥш иҟоу аҭыԥҳацәа лабҿаба иаҳбеит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан, рыхцәԥарақәа ар рхылԥа инаҵаҵәахны, ахаҵа еиқәа рышьаҵаны, арԥарцәа аказы ирыҵамхо аԥсадгьыл ахьчара ианца.

Ажәа мыцхә шәасыршьыр ҳәа сшәоит, аха шәыблала ижәбеит исгәалашәаз жәлар рҿаԥыц иарҿиаз "аԥҳәыс ӷәӷәа ллакә" заҟа тема цәырнагаз.

Аиашазы, уажәтәи аамҭазы угәы узырхьуа фактны иаанхоит, абас еиԥш ихшыҩрҵагоу, инашаноу, аҳәамҭақәа еиҭазҳәо абыргцәа есҽны иахьмаҷхо. Аԥсуаа баша ражәаҳәа иалаҵаны ирҳәом "Аиҳабы дызмоу Анцәа димоуп" ҳәа. 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0