Ҳанду иаҳлырҵон: акоммунистцәа рхаан Мшаԥы шазгәарҭоз

© Sputnik Илона ХварцкияПодготовка к Пасхе
Подготовка к Пасхе  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ишԥаԥылоз ақыҭауаа Амшаԥы асовет аамҭазы? Уадаҩрақәас ирымази уи амҩаԥгаразы? Иарбан идеологиоу усҟан ирыладырҵәоз? Абарҭқәа, иара убас Амшаԥныҳәа иадҳәалоу егьырҭ лхәыҷратә гәалашәарақәа ҳацеиҩылшоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Иаса Қьырса дыбзахеит, ма асовет аамҭазы ақыҭауаа Амшаԥы ишаԥылоз

Асовет ҳәынҭқарра ахаан Амшаԥы иахьеиԥш иԥсшьара мшны иалкаамызт амзар аҟны, аофициалтә усбарҭақәагьы уи азы усмҩаԥгатә рымамызт. Усҟантәи аидеологиа инақәыршәаны, анцәахаҵара иадҳәалаз акультура уамак ԥхьагылара амамызт, уимоу "Анцәа ҳәа аӡәгьы дыҟамызт, ауаҩытәыҩса амаамын ауп дызхылҵыз" ҳәа иҟаз атеориа акыр аҿиара аман.

Пасхальный кулич - Sputnik Аҧсны
Аҿиара, аизҳара иатәуп: аԥсуаа имҩаԥырго Амшаԥы аҷыдарақәеи атрадициақәеи

Сара сахьынхоз Кәтол агәаны игылаз ауахәамагьы ашә ыҵарбаҟаца иаркын усҟан, иахьынӡасгәалашәо, еиуеиԥшым анхамҩатә маҭахәқәа ахьыԥхьаркуаз ҭыԥын. Аибашьра ашьҭахь ауп уи ауахәама ареставрациа азуны аус ауа ианыҟалазгьы.

Абас шакәызгьы, асоветтә система иазымхәаҽит ауаатәыҩса рдинхаҵаратә ҭахрақәа, убри аҟынтә, схәыҷра ашықәсқәа сырзыгьежьуазар, Амшаԥы иалкааз ныҳәан ҳаҩнаҭаҿеиԥш, ҳгәылацәеи ҳазлацәеи рҿгьы. Ахәыҷқәа зегь ҳазыԥшын Амшаԥ ныҳәа, иуаркалеиуа ишәны иаҳдыркуаз акәтаӷь ҟаԥшьқәа реинҟьара амш анааиуа ҳәа.

Амшаԥы зызкыз амш ҳәа сара издыруаз зегь санду Ҷаҷа Габлиаԥҳа исалҳәаз ауп. Лара лҟынтәоуп раԥхьаӡа иахьсаҳаз "Иаса Қьырса дыбзахеит". Нанду лажәабжь ишаҳәоз ала, "Иаса аџьар дадкнаҳаланы дҭадырхеит ауаа ирылаирҵәоз анцәахаҵаразы, нас уи ашьҭахь иара дыбзахеит".

Нанду лҟынтәи иара убас, исаҳахьан Иаса иан Мариа лыӡбахә. "Уи лцәа доуҳала ахшара далашәеит", - еиҭалҳәон нанду. Абарҭқәа ракәын издыруаз усҟан ақьырсиан динхаҵара иадҳәаланы.

Издыруан иара убас амшаԥаҽны "Иаса Қьырса дыбзахеит" ҳәа нанду шьыжьла иҳалалҳәоз Анцәа ихшаз Иаса данбзахаз амш ишадҳәалаз. Абри инаҷыданы, усҟантәи аҵара асистема иҳанаҳәоз акгьы ыҟамызт, ауаҩы амаамын дшахылҵшьҭроу шьақәзырӷәӷәоз апараграфқәа дҵас иҳарҭон, ақьырсианра уамак ҳхы азымцарц азы.

Коӷониа: амшаԥы - аныҳәақәа зегьы ираԥхьагылоуп>>

Ҳашԥаԥылоз нас ари аныҳәа? Саб дкоммунистын, акәтаӷь ҟаԥшь икны дсымбацызт аӡәгьы данимбозгьы. Аха санду, анцәахаҵара злалылааӡаз ала, ҳарҭ ахәыҷқәагьы илдырқәоз ҳлырҵон. Амшаԥы ҟалаанӡа заа акәтаӷьқәа еизаҳгон, иара убас, сани сандуи акәтаӷь зларшәуаз аџьымшьцәеи ахәац быӷьқәеи дырмазеиуан. Ҩ-ԥштәык ракәын акәтаӷьшәраҿы усҟан аҩны ҳхы иаҳархәоз.

Амшаԥазы иҟарҵон аԥсуа чысқәа, иадыргалон иара убас ахаамыхаақәа. Акәтаӷьшәра ҽнак шагыз иалагон, уи аныршәуаз нанду уцәажәар луӡомызт, акәтаӷьқәа ԥҽуеит ҳәа. Иахьа Амшаԥаҽны аишәа зыргыло ыҟазар, усҟан сара исгәалашәом аҩны аишәа ҳаргыло, ари амш мҩаԥысуан еиҳа агәырӷьаратә ҵакы аманы. Анышәынҭрахь санду дныҟәон Аҳәса рымшаԥ ҳәа изышьҭаз Амшаԥ иашьҭанеиуа амҽышазы. Амшаԥы ҟаларц мчыбжьык шагыз, нанду слышьҭуан абаииақәа сыҟәшәарц, нас урҭ хыхь ҳаҩны азал аҿы иҩнаԥсаны иҟасҵон.

Абасала, Амшаԥы ааира заа ҳҽазыҟаҳҵон, ари аныҳәа аофициалтә ҟазшьа шамамызгьы. Ииашоуп, акоммунистцәа уи аҽны ақыҭаҿы аҽырыҩра еиҿыркаауан, ҳарҭ ахәыҷқәагьы уи ҳалахәзар акәын, ҳамнеиргьы, лахь ҳарҭар алшон. Убри аҟынтәи, ашьыжь нанду "Иаса Қьырса дыбзахеит" анылҳәалак, ахәыҷқәа акәтаӷьқәа еинаҳҟьон, амала акәтаӷь ҳнапы ашәыр ҳәа ҳшәон, избанзар уи ала акоммунистцәа иҳаҵырдыраауан Амшаԥы ҳшалахәыз.

Валерий Бигуаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Бигәаа: амшаԥ асимвол хада акәҭаӷь, аизҳара иатәуп

Аиашазы, Кәтол ахадара зегьы ирдыруан ақыҭауаа ари аныҳәа шазгәарҭоз, аха наҟынтәи иааԥшуаз акоммунистцәа рзы рыла иамбошәа ҟарҵон, уимоу, ақыҭа анапхгара рҭаацәарақәагьы Амшаԥы азгәарҭон. Ҳарҭ усҟантәи ахәыҷқәа ҳазлаҳәатәхаҵаҩцәаз ала, Амшаԥы азгәаҭарагьы ақыҭаҿы имҩаԥыргоз аҽырыҩрақәагьы ҳаҽрыгҳархомызт, уимоу, уахь ақыҭа агәахьы ацәырҵразы иалкааны ҳҽеибаҳҭон, иҳамаз иреиӷьыз ҳшәаҳҵон.

Исгәалашәоит, Амшаԥы ааира ԥыҭк шыбжьаз, саҳәшьа Ира еиқәыԥсаны иӡахыз аиԥка ҟаԥшьи аимаа ҟаԥшьи шысзаалхәаз. Усҟан иахьеиԥш амаҭәа аиура мариамызт, ҳарҭ ахәыҷқәа, ашколтә форма инаҷыданы, иеҩцаны маҭәа-ҩыҭәала ҳаибырҭомызт. Ари зхысҳәаауа, амшаԥы ааира акыр бжьан аҟынтә, сеиԥка ҟаԥшьи сеимаа ҟаԥшьи рцәыргарҭа соундаз ҳәа "сгәаҟуан", ашкол ахь исшәысҵар ҟаломызт, џьарацага маҭәан азы, анҭыҵразы сан иԥхьакны илыман.

Ашәба: Аииа-абаииа амш азы акәтаӷь аҩнаргәы иакәдыршон, рыԥсҭазаара ҭәны иҟаларц

Усҟан зынӡа смаҷын, хԥаҟа класс рҿы стәазар ҟаларын. Ус аҩны аиҳабацәа шеицәажәоз ирҳәоны исаҳаит Чаарқыҭ ҳәа иахьашьҭоу Кәтол агәы аладахьы ԥсрак шыҟалаз. Ари аинформациа сара схы иасырхәарц сҭаххеит сымаҭәа уаркалеиқәа рӡыргаразы. Сан слыҳәеит аԥсрахьы сылгарц. "Аԥсрахьы ахәыҷқәа ргаӡом", - иаахҵәаны аҭак соуит. Нас, сҭахра маӡас иаҵаз ласҳәеит - сеиԥка ҟаԥшьи сеимаа ҟаԥшьи рыла сҽеибыҭаны ауаа рахь ацәырҵра сшазгәышьуаз. "Унан, амаҭәа ҟаԥшьқәа рышәҵаны аԥсрахьы ицома, арсҟак баргәаҟуазар, Амшаԥы анааилак, аҽырыҩрахь бҽеибыбҭап", - лҳәеит сан.

Уи ашьҭахь сазыԥшын Амшаԥы. Сгардероб ҿыц Амшаԥы анааи аҽырыҩрахь исшәысҵеит, сызбозгьы, "амшаԥкәтаӷь еиԥш бҟаԥшьӡа" ҳәа исыхлафаауан. Заҟа ҵхьоузеи уи аахыс, аха Амшаԥныҳәа ааскьацыԥхьаӡа ари ахҭыс аасгәалашәоит, Мшаԥы абзоурала сымаҭәа ҿыцқәа рцәыргара иацыз анасыԥ иасимволны.

аҟаб - Sputnik Аҧсны
Ахәылчаԥа, амгьал, аҟаб: Ицқьоу аԥшьаша - Чачхадыл аԥсуаа рытрадициаҟны

Аҽырыҩрақәа анхыркәшахалак ашьҭахь, доусы рыҩныҟа игьежьуан, агәылацәа еиҭанеиааиуан, ахәыҷқәа ракәзар, акәтаӷьқәа еинырҟьон. Амшаԥы иашьҭанеиуаз амҽышазы Аҟәа, ма егьырҭ ақалақьқәа рҿы инхоз ҳҭынхацәа анышәынҭрақәа ирҭаауан, ашьҭахь ҳаҩныҟа имҩахыҵуан, убарҭ иааргоны избо салагеит акәтаӷь ҟаԥшьқәа реиԥш, егьырҭ аԥштәы ссирқәа рыла ишәызгьы.

Иахьагьы, санхәыҷыз еиԥш, бзиа избоит Амшаԥныҳәа, акызаҵәык - дыҟаӡам, схәыҷра адунеи зырԥшӡоз "Иаса Қьырса дыбхазеит" зҳәоз санду. Иахьа ари аныҳәа еиҳагьы инарҭбааны иазгәарҭоит, ауаа ауахәамақәа ирҭаауеит, аишәа шьахәла идырхиоит, аха схәыҷра ашықәсқәа зҩычоз Амшаԥныҳәа акы иаламҩашьо ихааӡа сгәаҵаҿы иҵәахуп…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0