Иԥшьоу амаҭәар: алаҳәара́ аҵаки ахархәашьеи

© Sputnik , Cусанна Ҭаниаԥҳаалаҳәара
алаҳәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иқәаадрыхуаз акультуратә ҵиаақәа арбақәан, иабантәаауеи ажәа "ахьурӡы", изахьӡуи насгьы аныҳәарақәа рҿы ҭыԥс иааннакылои алаҳәара́, иара убас иарбан ныҳәарақәоу аиасра иаҿу уҳәа шәаԥхьа афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа иазлырхиаз анҵамҭаҿы.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Аԥсны еснагь иқәаадрыхуан хыԥхьаӡара рацәала акультуратә ҵиаақәа: арыцтәқәа – ачакакал, ашырӡи ахәыӡи, аԥшрыц, абрынџь; акалиақәа – амахәыда, аҟәыд; ахәшатәқәа – азараҟьа уҳәа. Адгьыл ақәаарыхразы рхы иадырхәон еиуеиԥшым амаҭәарқәа: ахаҳә, аиха ирылхыз, иара убас амҿлыхқәа. Адгьылқәаарыхра аформақәа рҽырыԥсахцыԥхьаӡа, есааира рхы иадырхәоз амаругақәагьы рҽырыԥсахуан.

Алу - Sputnik Аҧсны
Аҩ иаҩуеит, ах иахуеит, аԥсҭа гәаҩа иҭанаԥсоит: алу анцәахәы Саунау иазку ақьабз

Аԥсуаа рчысхкқәа рҿы ихадароу аҭыԥ аанызкыло – абысҭа, иахьа уи злырхуа аԥшрыц ааӡара иалагаанӡа, рхы иадырхәон егьырҭ аҵиаа хкқәа. Ирҳәоит ажәа "ахьурӡы" – "ахьа" аҟынтәи иаауеит ҳәа, избанзар, жәытәла, ахьа рҩаны, ирҭәаҭәаны, илаганы абысҭа аларуан. Убри анаҩсан, абысҭа руан иара убас, ахәыӡи ашырӡи, ма аши рыла. Ашы, абысҭа адагьы, ачакәаҳақәагьы алаҟарҵон.

Иахьагьы иҟоуп арҭ арыцқәа аазрыхуа, лымкаала аныҳәарақәа раан аныҳәагатә чыс иаларҵоит (убас, 2019 шықәсазы сара хаҭала сызҭааз Леиаа рныҳәараҿы, ахәыӡ ачакәаҳараан хархәара азун). Дара аџьықәреи аасҭа раарыхра иаҳа ихьанҭоуп азоуп изаҟәыҵыз ҳәа азгәарҭоит аҵарауаа, гьамала уи акыр ишеиӷьызгьы.

Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражәҳәаҩцәас измоу>>

Ашыӡи ахәыӡи рылагаразы рхы иадырхәоз амаҭәарқәа иреиуан алаҳәара́. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ишазгәарҭо ала, алаҳәара́ ыҟан амҿы иалхыз еиԥш, ахаҳә иалхызгьы. Уи агәҭа ҭагәаҩаны иҟан. Уаҟа арыц нықәыԥсаны, хҩы-ԥшьҩы аҳәса акалакәытқәа рыла иасуа еицдырлаҳәон. Уи андырлаҳәоз иацырҳәоз ашәагьы ыҟан.

Габниаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
Аҭәаҵла ашьапаҟны – Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара

Алаҳәара́ иахьагьы еиқәырханы измоу ыҟоуп. Иара аҩнаҭаҿы аԥҳәыс дызхылаԥшуа, иԥшьоу маҭәарны иԥхьаӡан. Алаҳәаразы́́, ашьҭахь алуқәа рзы, иҟарҵоз ахаҳә аҩхаақәа рҿы иԥшааны иааргон. Ари амаҭәар архаикатә шьаҭақәа шамоу аныԥшуеит уи адгьылқәаарыхра иазку аныҳәарақәа рҟны ахархәара шарҭоз ала. Урҭ ируакуп Хәажәкыра аныҳәа. Ари аныҳәара иаздырхиоз акәакәарқәа ирылан алаҳәара́ асахьа зманы иҟарҵозгьы, акалакәыҭқәа нацҵаны.

Аетнограф Валери Бигәаа иусумҭа "Ритуальный мир традиционной культуры абхазов" аҟны ари аныҳәара дахьазааҭгыло иҩуеит ахәажәақәа ахацәа рзы иҟарҵозҭгьы, акәакәарқәа аҳәса рзы иҟарҵон ҳәа, лымкаалагьы, алаҳәара́ асахьа зманы иҟарҵоз акәакәар нышьҭыхны, аҩнаҭа аиҳабы аҭацацәа иныҳәон ҳәа азгәаиҭоит. Алаҳәара́ ари аныҳәараҿы ахархәара иаанарԥшуеит аҽаҩра абеиахареи аизҳазыӷьареи, уи знапы алаку аҳәса рымарымажахареи реизҳазыӷьареи рзы Анцәа (анцәахәы) иҳәара.

Абхазское село  - Sputnik Аҧсны
Адгьыл аныҳәара: аҩны ҿыц аҟны анхара иалаго имҩаԥырго ақьабз

Аамҭақәа наскьацыԥхьаӡа иаԥырҵеит ауаҩы иусура иаҳа изырмариоз амаругақәа, иҟаҵан аӡылаҳәара́, алу (напыла алу), нас аӡлагара, афымцаӡлагара. Уи инамаданы ари амаҭәар инанагӡоз афункциагьы иаҳа-иаҳа иԥсыҽхо иалагеит, аныҳәарақәа рҿгьы ахархәара маҷхеит.

Ҳәарада, ауаҩы инхашәатә усура, абзазаратә процессқәа идоуҳатә культурагьы анырра анаҭоит. Хәыҷы-хәыҷла дара ирыдҳәалоу аҿаԥыцтә жәабжьқәа рҽырыԥсахуеит. Иаҳҳәап, аҩсҭаа, ма Ӡызлан аӡыӡлагараҟны дырбозҭгьы (уи иазку ажәабжьқәа иахьагьы еиҭарҳәоит "избахьаз ыҟан" ҳәа), уажәы "урҭ аӡқәа ирҭыҵын, адәы иқәлеит", "амашьынаныҟәцаҩ иаԥхьа ианцәырҵуа" убап, ажәакала "рынхарҭатә ҭыԥ" рыԥсахуа ишалагаз убоит. Иара убас, анкьа ӡаагара ҳәа аӡыхьқәа рахь иныҟәалозҭгьы, ашьҭахь аӡы досу рыҩнқәа рҿы иаауа ианыҟала, ари аџьаусгьы аамҭа иатәхеит, уи иацыз аныҳәарагьы – аҭаца аӡхахьы дганы лныҳәара – аамҭа иацыиасит.

Абасала, аамҭа акы шарӡуа еиԥш, ҵакылеи функциалеи аҽаԥсахуазаргьы, даҽакы аанагоит.

Иара убас шәаԥхьар иҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0