Ар еибашьуан, Ҳабыџь дцәаӷәон: ахатәы хьыӡқәа ирыдҳәалоу ажәаԥҟақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукҨырк еибашьуан, Ҳабыџь дцәаӷәон: ахатәы хьыӡқәа ирыдҳәалоу ажәаԥҟақәа
Ҩырк еибашьуан, Ҳабыџь дцәаӷәон: ахатәы хьыӡқәа ирыдҳәалоу ажәаԥҟақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахьыӡқәеи, ажәлақәеи, ақыҭақәеи ирыдҳәалоу аԥсуа жәаԥҟақәа рӷьырак рҵаки рхархәареи атәы дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

"Ажәа жәаԥҟала иԥшӡоуп" рҳәоит аԥсуаа, избанзар ажәаԥҟақәа рҟны еизыркәкәоуп ажәлар рҟәышра, рыхшыҩ, ҵҩа змаӡам рыԥсҭазааратә ԥышәа. Урҭ ҟаимаҭла ирныԥшуеит ҳажәлар рҵас-рқьабз, ахьӡи-ахьымӡӷи ишрыхәаԥшуа, рыԥсадгьыл абзиабара, ргәымшәара, ацәгьеи-абзиеи уҳәа шеилыркаауа, ахәшьара шрырҭо.

Аԥсуа бырг - Sputnik Аҧсны
Гәымаа рысакаса акаԥатәык иҽанижьлон: аԥсыуа жәаԥҟақәак рҵаки рхархәашьеи

"Ажәаԥҟа – ажәлар рҭаацәаратә, рсоциалтә, рҭоурыхтә ԥсҭазаара шәышықәсала ирнаҭаз аԥышәа ду еилацаланы, иааркьаҿӡаны, исахьаркны иаазырԥшуа поезиатә жәеиқәыршәоуп. Ажәаԥҟа аҵакы еснагь еиҳа иҭбаауп иара аҳәоу инҭкааны иаҳәаҵәҟьо аасҭа", - абас иҩуеит академик, еицырдыруа аԥсуа фольклорист, акритик Шьоҭа Салаҟаиа.

Еиуеиԥшым атематика змоу аԥсуа жәаԥҟақәа рылацәажәара иацҵауа, ҿырԥштәқәак раҳасабала сырзааҭгыларц сҽазысшәоит ахатәы хьыӡқәа, ажәлақәа, аҭыԥхьыӡқәа, ақыҭақәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәа рӷьырак.

Ақыҭақәа, аӡиасқәа, аҭыԥхьыӡқәа ирызку ажәаԥҟақәеи урҭ рҵаки рхархәашьеи

  • "Елыр аҽы анырӡа, баслахәаа раӷәра рҵәахуан" - аӡәы агәаҟра, ахынҭа-ҩынҭара данақәшәалак, егьи еиҳа агәҽанызаара иоуеит, уи ихьыз саргьы исыхьуеит ҳәа. Убри ауп изызҳәоу ари ажәаԥҟагьы.
  • "Аелыртә амшә аницҳа, ҷлоуаа дрықәгәышуан" - ахара зду иакәымкәа, акгьы зхарам, цәгьара узызымуз уизгәаар, уицәгәышуа уалагар, абас рҳәоит.
  • "Аӡҩыбжьаа рчара ҵабалаа алаҽхәон" - аӡә ибзиара, иқәҿиара, имал зус алаӡам даҽаӡәы далаҽхәо далагазар, абас изырҳәоит.
  • "Аӡҩыбжьаа зырҳәыз тамшьаа ҳақьымс дыргон" - угәыла, ууа, иузгәакьоу ацәгьара, аиакәым изызуа уара ҳаҭыр иқәуҵо уалагар, уас дышьҭухыр, абас узырҳәоит.
  • "Очамчыра ирыпҟаз, Тамшь данааи игәалашәеит" - азалымдара ззыруз, ианаамҭоу, иахьахәҭоу, ишахәҭоу ихы анизеиҭамҳәалак, уи ихьшәаны, иахьахәҭаӡам далацәажәо даналагалак, абас иарҳәоит. Ари ажәаԥҟа иашьашәалоуп даҽа жәаԥҟакгьы "Ага ирыԥҟаз, ашьха дҵәыуон".
  • "Кәыдры зырмақаруа Амҭҟьал ауп" - аӡәы ауаҩрахьы укылызгаз, иоуз амал-ашьал зыбзоуроу даныҟоу, дызлаҽхәо данимоу, абас рҳәоит.
  • "Мҷышь арха кәашарҭа змоуз ҳәа" - аҭагылазаашьа бзиа зманы зхы иазмырхәаз ма ахархәашьа иақәымшәаз изкуп ари ажәаԥҟа. Мҷышь – Гәдоуҭа араион аҿы иҟоу ӡиасуп.
  • "Охәыреи аӷьатама змоуз еиԥш" - Охәыреи Очамчыра араион иаҵанакуа қыҭоуп. Уа абна бзиа ыҟоуп рҳәоит. Абна рацәа ахьыҟоу унеизар, амҿлых злаҟасҵаша сзымԥшааит ҳәа уҳәар иаҩызоуп.
  • "Агаӡа изыҳәан Ерцахә шьаҟьасҭоуп" - амдыр егьа ус цәгьа иаԥхьа ишьҭазаргьы, уи егьа ишәарҭазаргьы, имариоушәа, акгьы аҟаҵара аҭахӡамшәа ибоит.

"Илауҵо ауп иааурыхуа": ахандеира иадҳәалоу аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәа>>

Ахатәы хьыӡқәеи ажәлақәеи ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵаки

  • "Аӡә иԥҳәыс Кьацә анлыхьӡиҵа, зегьы "кьацә" ҳәа илышьҭалт" - ари ажәаԥҟа иасинонимуп даҽа жәаԥҟакгьы "Ухылԥа ыршәны ауаа ирылоуҵар, зегьы еигәыдырҵоит". Арҭ ажәаԥҟақәа рыҩбагьы ҵакыс ирымоу иузааигәоу, иузгәакьоу уихыччо уалагар, ҳаҭыр-пату иқәумҵар, ауаагьы ччархәс дҟарҵоит ауп.
  • "Хабжь иаԥхьа "хабжь" уаҩы изҳәом" - ауаҩы иара игха аҵкыс даҽаӡәы игха еиҳа игәеиҭоит. Ауаҩы иара игу гәамҭаӡакәа, даҽаӡәы игу-ибзоу далацәажәо даналагалак, абас рҳәоит. Хыхь иаагоу ажәаԥҟа иашьашәалоуп "Аӡәы итәы аӡәы имҳәар ҟалом".
  • "Кәаӷьына иҩны анбылуаз ԥҳәла ирцәон ҳәа" - амашәыр, арыцҳара, агәаҟра ахурԥарц азы уи еиҳа излеицәахаша аус уалагар, абас узырҳәоит. Даҽакала, "Кәасҭхала абамба зырцәоз" ҳәа изырҳәоит изҳәо-изуа ззымдыруа ауаҩы изы.
  • "Кәыжә деибашьуан, Ҷыжә аҳәынҭқарра игеит" - аӡәы аџьабаа ибеит, деибашьит, егьи акгьы ҟазымҵаз, зхы аџьабаа азмырбаз,аиҳабыра ирҭеит, иԥсҭазаара еиӷьхеит. Ас еиԥш иҟоу ахӡыргара бзиа избо ауаа ирызку жәаԥҟоуп.
  • "Кәыжә ԥҳәыс диҳәон, Ԥагәа дгәырӷьон ҳәа"; "Таҟьа ԥҳәыс данааигоз, Чаха нырцә дкәашон" - дзеигәырӷьо цқьа иззымдыруа, аӡә игәырӷьара иара изкушәа згәы иаанаго ауаҩага изку жәаԥҟоуп.
  • "Лажә иҩны амца анакы, аҵеџь ажра далагеит" - амашәыр аныҟала ашьҭахь уи ҟамларц азы аус напы азыркыз изырҳәоит абас.
  • "Лагәи Лацәеи рыбжьара аваныза цҳаражәҳәара ауан" - еизааигәоу, еиуацәоу акы анеимарклак, атәымуаҩ дрыбжьаҟазо ианалагалак, абас рҳәоит. Ажәаԥҟа иасинонимуп "Адырди адырдхеи анеис, арахәыц рыбжьаҟазон".
  • "Уаҩ дахьыҟам Кәашә дҳәынҭқарын" - уаҩ дахьыҟам (еиҳаракгьы ахацәа) уа иҟоу дзеиԥшразаалакгьы (дзеиԥшра хаҵазаалакгьы) акы даԥсоушәа дрыԥхьаӡоит.
  • "Ҩырк еибашьуан, Ҳабыџь дцәаӷәон" - ажәлар агәаҟра анрымоу, ашәарҭара ианҭагылоу аамҭазы, акгьы гәхьаас имкыкәа зхатә усқәа ирҿу абас изырҳәоит.
  • "Кәымпыл ача анынҵәа аишәа дықәсуан" - ауаа иҟарҵаша аныҟарҵалак, иргаша аныргалак, ак ҟасҵоит, изгоит ҳәа уаналагалак, абас рҳәоит.
  • "Абазба аҽынади дақәтәаргьы иҽыҩхоит" - ирҳәоит Базаа аҽыбӷаҟазара ршьа иалоуп ҳәа, урҭ рҽыбӷаҟазара атәы аанарԥшуеит ажәаԥҟагьы. Аха даҽа ганкахьала уазхәыцуазар, ауаҩ ҟаза имыруга уиаҟара иҽеимзаргьы идырреи, иԥышәеи, иҟыбаҩ бзиеи рыбзоурала нап зирклакгьы импыҵаманшәалахоит ҳәоуп иҳаилнаркаауа ажәаԥҟа.
  • "Гәбазаа реиха ахьҭаҳаз реигәышә ҭарыжьуан" - ауаҩы иоуз аԥхасҭа изымхакәа даҽа ԥхасҭак иара ихаҭа ианациҵалак, абас изырҳәоит. Изуа-изҳәо цқьа иақәымшәо ауаҩы изгьы ирҳәоит.

Ажәлар рҿаԥхьа игыланы ицәажәо изы ихадоу ахшыҩзцарақәа, алкаақәа рыҟаҵаразы даара ишхархәагоу хьыршәыгәҵас иеилацалоу ажәаԥҟақәа. Иреиӷьӡоу жәлар рлакәқәа, рлегендақәа, ражәа, рашәа хырҷоуп илыԥшааху жәаԥҟала. Ус акәзар, ажәаԥҟақәа рыԥсы ҭоуп, изҩыдоуп, еснагь актуалра рыҵоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0