Аԥсуаа ратрибут хадақәа: алабашьеи "алабашьа абызшәеи"

© Sputnik / Томас ТхайцукАлабашьа
Алабашьа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа лабашьа аҵаки ахархәашьеи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Алабашьа

Аханатә ажәытәӡатәи аԥсуаа рабџьарқәа иреиуан иҵарыз анҵәамҭа змаз алаба. Ашьҭахь, аиха анцәырҵ инаркны аихатә ҵаргәа аҭаны аҟаҵара иалагеит – алабашьа ҳәа ззаҳҳәо.

Алабашьа. - Sputnik Аҧсны
Алаԥши, амышьҭеи рықәымшәарц: аԥсуа лабашьа аҵакыи, ахархәашьеи

Алабашьа ашьха ихалоз хархәагас ирыман, уи ашәарыцацәеи ахьчацәеи рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхоз мҩанызан. Ашьха ианаҿысуаз ицхыраагӡан иахьрымаз адагьы абџьарсгьы рхы иадырхәон. Уи инаҷыдангьы, алабашьа ахаҿы ашәақь нықәҵаны ахысразы рхы иадырхәон, ҵаргәас ирыман. Ҳәамҭак ишаҳәо ала, ашьха абнаршәырақәа рҿы иҟьалаз илабашьа иаԥхьа инарсны даназҵаа имҩа абаирхара ҳәа, илабашьа абна дызлалҵыша аганахь инкашәеит, убри алагьы абна дылнагеит.

Алабашьа абызшәа

Алабашьа абыргцәа, ахатәрақәа ҳәа ззырҳәо, зажәа ԥхылнадо ратрибут хадақәа иреиуоуп. Еиуеиԥшым аусқәа реилыргараан, аӡбарақәа раан, аизарақәа рҿы илабашьа адгьыл иныҵарсны иаарылагылаз зегьы ҿымҭкәа изыӡырҩуан иажәа далгаанӡа. Ари аганахьала акыр иҟазшьарбагоуп Миха Лакрба иновеллақәа руак: аизараҿы аҭаҳмада илабашьа нарсны ацәажәараз дахьыҩагылаз, илабашьа аҵарыра иган аҿы игылаз арԥыск ишьапы иалалазаап, аха "ҟыт" имыргакәа иажәа далгаанӡа дагьымҵысит, ишьапы ашьа алыжж ацара ишаҿызгьы.

Аԥсуаа ирҳәоит алабашьа "абызшәа" амоуп ҳәа. Уи знапы иаку ишыҵаирсуа, иахьынаирҳәуа-иахьааирҳәуа ала иара аԥшәма иҟазшьеи игәҭаки аанарԥшуеит. Ииашахәҵәаӡа адгьыл иҵарсны иргылоу алабашьа асемантикатә ҵакыла адунеи аиҿкаара алагамҭа аанарԥшуеит. Ҩ-жәлантәык реинраалараан аиҳабы илабашьа ажәада ицәажәон: иаҳҳәап, уи ашьшьыҳәа, дмыццакыкәа адгьыл иныҵаирсзар, "аццакра аҭахӡам, иазхәыцтәуп" ҳәа ҵакыс иаман. Ус акәымкәа, алабашьа аҵарыра, инарнааны аганахь ирхазар, "ари хыда цәажәароуп шәызҿу, баша сшәырааԥсоит" ҳәа аҳәон. Иара убас алабашьа ахаҿы имашьхәылҵ нықәҵаны днагылар, иҵаргәаны иҟаиҵар – аригьы "аамҭа агара шәаҿуп, аус ырццактәуп шьҭа" ҳәа игәы иҭаз ааирԥшуан, убри алагьы аицәажәара иалахәыз дырныӡбон, рус ацашьа шигәамԥхоз ааирԥшуан. Алабашьа аҿы адәылҵырҭа аганахь ахы ирхар, "ҳус ҟаҵоуп, шьҭа ҳдәықәышәҵа" ҳәа аҳәон алабашьа абызшәа.

Ҳаамҭазгьы имаҷым алабашьа ныҟәызго, забацәа ирҭынханы измоу, аха иахьа уи иаҳа аԥсуа еибыҭашьа иацу аелементқәа ируакуп, рԥшӡагас иҟоуп, иара аҵакы ацәымӡыцкәа, зегьы еилыркаауа ишыҟоугьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0