Аамҭахә, мамзаргьы "Сынтәа ҳазмадоу": зҽаҩра ҭазгалаз имҩаԥырго ақьабз

© Sputnik / Сария КварацхелияДәрыҧшь ақыҭанхаҩ 73 шықәса ирҭагылоу Мери Жьиҧҳа
Дәрыҧшь ақыҭанхаҩ 73 шықәса ирҭагылоу Мери Жьиҧҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рамзар аҟны арҭ аныҳәарақәа рцикл хыркәшахоит "Аамҭахә" ("аамҭа ахәы"), ма "Сынтәа ҳазмадоу" ҳәа ахьыӡшьара змоу аныҳәарала. "Аамҭахә" аныҳәара шымҩаԥырго атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
"Аамҭа ахәы ауҭароуп" ҳәа рыҧхьаӡоит аҧсуаа. Убри инамаданы аӡын ааиаанӡа, рҽаҩра зегьы ҭагаланы ианалгалакь: ршәырқәа, рымхы, руҭра уҳәа, рырахә ашьхантәи ианылбаахьо, рымҿы андырхиалак, рҩы анҭарҭәалак ашьҭахь, аҩы иаҵырхыз ажьаӷь уатка аҧатлыка иҭаҭәаны цахак, ма қьаадк накәыршаны амаҵурҭа акәакь инхыршьуеит. Иаҳа ииашан иуҳәозар, ажәытә кныхны, аҿыц хыршьуеит.
аҿа-маҿа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2020
"Џаџа – ҳуҭра рџаџа, ҳамхы рџаџа!": аҽаҩра барақьаҭхарц аныҳәара
Ҭагалан беиоуп адгьылқәаарыхра иадҳәалоу аныҳәақәа рыла. Аҧсуа жәлар рамзар аҟны арҭ аныҳәарақәа рцикл хыркәшахоит "Аамҭахә" ("аамҭа ахәы"), мамзаргьы "Сынтәа ҳазмадоу" ҳәа ахьыӡшьара змоу аныҳәарала.
"Жәытәнатәаахыс иҟарҵоит ари, ажәытәқәа иҟарҵон: аурахаҳара ҳәа, ашықәс дууӡӡа, ҭагалара ианаамҭоу, аџьықәреи оума, ажь оума, зегьы нҭаргалалагьы, ҭаҳцәашәала илатәаны, икнарҳаз аԥаҭлыка кнырхон", — ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Дәрыҧшь ақыҭанхаҩ 73 шықәса ирҭагылоу Мери Жьиҧҳа.
Иазгәаҭатәуп, Мери лхаҭа ақыҭаҿы ныҳәаҩыс далхны дшыҟоу. Лара лҭаацәараҿы ари аншьҭрала лнапы ианылаз усуп – уи лан, ланду, ланду лангьы ныҳәаҩцәан.
Есышықәсеиҧш сынтәагьы "Аамҭа алҧха ҳамазааит! Иаҳзыбзиахаратәы, иаҳзыҧшӡахаратәы, арахә-ашәахә, аду, ахәыҷы, ҳазегьы", — ҳәа дныҳәа-ныҧхьаны, Мери амаҵурҭа акәакь аҿы икнаҳау, ҵыҧх уажәааны ихылшьыз аҧатлыка ныкныхны, лҭаацәеи лареи неидтәалоит.
Аҧатлыка аҧсуаа рҿы аҿиара иадҳәалоу нхамҩатә маҭәахәны иҟоуп.
Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2018
Аԥсуа жәлар рамзар
Иаҳгәалаҳаршәап, аҧҳәыс хшара данлоуа аамҭазы уи егьырҭ амаҭәарқәа (ақәаб, адырган) реиҧш, хынтә лхы инакәыхшаны ашас ҳасабла адгьыл ишыҵарҵо.
Аҿиара, абеиара иасимволу аҧатлыка ажьаӷь уаткала издырҭәуа ҳәагьы гәҩарас иҳамоу: акы – ари ҭагалан аамҭа хзыркәшо, аҵыхәтәантәи ҭагалан-ус акоуп, ҩбагьы – шықәсдуӡӡак иахьыхшьугьы иҧхасҭахаӡом, уи аныкнырхуа иалеидтәалоит, иахныҳәоит. (Издыруада ауатка аџьбарарагьы аҩсҭаацәа ҧхьанацозар, иқәнагозар?!)
Аҧаҭлыка ахьыкнарҳауа аҭыҧ – акәакь атәы ҳҳәозар, жәлар разгәаҭарақәа рҿы, ражәаҳәаҿы — аҩны акәындыхәқәа еимаздо акакәны иҟоуп. (Иаагозар, аҭаца акәакь лыкҿаргылара – лҭыҧ лзалхра, лкындыхә лоуит; аҧсы изы акәзар, дыкҿарҵеит рҳәоит – иҭыҧ ылихит, икәакь дырхиоит амаҭәақәа кҿаҵаны.) Даҽа ганкахьала, акәакь ҧхьаӡоуп амч лашьцақәа ирҭыҧны (аҩны ашәхымс, аҧенџьыр реиҧш). Даҽакала иаҳҳәозар, акәакь "аҩнатәи" "тәыми" ирҭыҧтә ҳәаан иҟоуп ("свое", "чужое" пространство- аред.).
Ажәытә аԥсуа ҩны, Гагра араион - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2018
Аҳаҷашь, аҭацамҳара: аԥсуаа рынхашьеи рысасдкылашьеи акәамаҵамақәа
Аныҳәара мҩаҧыргоит шәахьеи ҧшьашеи руакы. Арҭ амшқәагьы ныҳәагатә мышқәаны иахьалху ахатә ҵакы амоуп. Ажәлар рҟны ишырҳәо ала, ашәахьеи аҧшьашеи еиҟароу, еиҧшқәоу мшқәоуп, еихыршалоуп. Аҧшьаша аҭаацәаратәи анхамҩатә усқәеи рзы иманшәалоу мшны иҧхьаӡоуп. Ашәахьа – аусқәа зегьы ахы аныркуа, аусура раҧхьатәи мшуп. Ашықәс аҭаацәа иманшәалан ирхыргазар, "Сынтәа ҳазмадоу ҳзыбиахеит" рҳәоит.
"Абаҭылка зыкнарҳауагьы убриоуп: сара сани сандуи есышықәса, ашықәс анаанҵәо ҭагалан, адәахь иҟоу рызегьы анеидаҳкылалак, убас аишәа дырхион, абаҭылка кнырхуан. Афара, ажәра бзианы иҟарҵон, аишәа рҭәны, ҳхәыҷқәа, ҳара, зегьы ҳаилатәаны, убас имҩаҧаҳгоит. Иаанаго убриоуп: абарақьаҭра, гәырҭәыла, хырҭәыла.., аҭаҳцәа зегьы ахьчот ҳәа иҧхьаӡоуп. Акәакь аҟны ашықәс дуӡӡа икнаҳауп. Абарақьаҭра иатәуп, аурахаҳара!" — ҳәа лҳәоит Мери Жьиҧҳа.
Абасала, гәырҭәыла, хырҭәыла аӡын рҽазыҟаҵан иаҧылоит "Сынтәа измадоу" инақәныҳәаны икнырхыз аҧаҭлыка иҭоу ауатка ала. Уи инаҷыдангьы аишәа андырхио акәакәарқәа ржәуеит, арбаӷь ашьа карҭәоит, абысҭа аныруа ашыла ажәи аҿеи еилаҧсаны иҟарҵоит.
Абри аҵыхәтәантәи алкаазар ахәҭоуп! Аџьықәреи ҿыц иҭаргалази уаанӡа ирымази реилаҧсара ажәытәи аҿатәи аамҭақәа (ҵыҧхи сынтәеи) реиқәшәара аанарҧшуеит. Урҭ аамҭатә ҳәаак инахысны еилысуеит.
Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2019
Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа
Анаҩс ари ақьабз амҩаҧгара иацааиуа амчыбжь азы аҧатлыка ажьаӷь уатка ҿыц нҭаҭәаны, аҩнаҭа аҧҳәыс еиҳабы дныҳәа-ныҧхьаны акәакь аҟны ҿыц еиҭаныкналҳауеит.
Абас ихыркәшахоит адгьылқәаарыхратә акалендартә циклгьы. Џьоукы ари ақьабз заа имҩаҧыргоит, даҽа џьоукы иаҳа ихьшәаны – доусы иусқәа дышрылго еиҧш, ианҭышәынтәалалак, аха ихымҧадатәны ашықәс ҿыц аныҳәа ааиаанӡа иахьӡароуп.
Ноиабр мза аӡыни ҭагалани реисара иамзоуп рҳәоит. Ари амзазы ашарҧи ахәылҧ шәаҧшьи ҽынлан еиқәшәоит. Аҵыхқәа заҟа ихьшәашәахо аҟара аӡынрагь ӷәӷәахоит, акәыбрқәа рацәазар, аӡын ҟәандахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0