Ахьа рацәаны иҟалар, аҵыс ашәа аҳәашьалагьы, ма аԥсуаа асы анауа злардыруа

© Sputnik / Виктор Панов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДорога на озеро Рица зимой.
Дорога на озеро Рица зимой. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәлар рамзартә гәаҭагақәа рыла амш, мамзаргьы аамҭа зеиԥшрахо еилзырго аԥсабара ирнаҭо адыргақәа шеилыркаауа атәы Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа лматериал аҿы.

Аӡын зегьы асы иазыԥшуп агәалаҟазаара бзиа узҭо ԥсабаратә цәырҵраны. Ауаа раасҭагьы аӡын шӡыну имҩасыр зҭаху иара аԥсабара ахаҭоуп. Ажәлар рҿы ишырҳәо алагьы "Дгьылс иҟоу жәҩануп. Адгьыл бзиа еиԥшҵәҟьа, ианраамҭоу ақәеи амреигьы аарыхра ҟарҵоит".

Есма Ҭодуа, Sputnik

Анхацәа ишазгәарҭо ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аӡын аси аҵааи ахьамбаз иахҟьоит ааԥынразы ашәыр ишахәҭоу иахьымшәҭуа, урҭ аԥырхага рызҭо ахәаҷамаҷақәа ахьцәырҵуа. Асы рацәа аарыхра ҟанаҵоит рҳәоит. Сынтәагьы макьана аӡынра уныруа иҟамлац аҟынтә, ҳаԥхьаҟатәи шәыри-қәыри аҽаҩреи шыҟалаша атәы ашәарақәа цәырнагоит.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа жәлар рамзар

Ҳаамҭазы атехникатә прогресс иабзоураны еилыркаауеит амш зеиԥшрахо: ианыцәгьахо, ианыбзиахо. Уи азҵаара еилзырго аҳауагәаҭаҩцәа аԥсуаагьы иҳамоуп уажәшьҭа, аха иахьагьы ажәлар рамзартә гәаҭагақәа рыла амш, мамзаргьы аамҭа зеиԥшрахо еилзырго ауаа ыҟоуп. Урҭ аԥсабара иахҭысуа аҽыԥсахрақәа ирыхәаԥшны, арахә рхымҩаԥгашьа, аҵиаақәа рызҳашьа рыла ишьақәдыргылоит аӡын зеиԥшрахо, аԥхын аарҩарахо, иӡысаамҭахо уҳәа.

Ҳара ҳинформант Денис Аиба қәрала дышқәыԥшугьы ԥсабарала ас еиԥш иҟоу адырра илоуп. Иара даныхәыҷыз аахыс иеиҳабацәа дрыцны ашьха дхалон, уантәи иагьышьҭихит аԥсабара ашьклаԥшра иазку адыррақәа.

"Аԥсабара ҭынч уазыӡырҩыр, иара иуанаҳәоит зегьы. Аҵыс ашәа аҳәашьа алагьы иудыруеит амра ԥхо, ақәа ауа. Мамзаргьы арахә рыла. Сара игәасҭахьеит арахә ашьыжь аҭра аҭыҵра аҭахымзар, мчыла ианҭуцо, амш цәгьахоит", - ҳәа иеиҳабацәа ирҿиҵаази ихатәы азгәаҭарақәеи ртәы ҳзеиҭеиҳәеит иара.

Убри инаҷыдангьы амаха, ажәҩашәаҟьа аԥшралагьы аамҭа зеиԥшрахо, аҽаҩра аҟалашьа, ахьча ирахә рызҳарц иҟоу, иҟаму алагәарҭон. Ҳара ҳарԥысгьы уи аԥшышьа идыруеит, аха ҳаниҿцәажәоз аамҭазы ажәҩашәаҟьа инапы иакымызт акәымзар. Иазгәаҭатәуп иара ирацәаны ашьха дышныҟәо, аӡынгьы аԥсшьацәа рзы шьхала аныҟәарақәа еиҿызкаауа дышреиуоу. Уи иазкны иара иахәҭаз аҵарагьы дахысит.

"Ашьхарахьынтә аԥша хьшәашәаӡа иасыр, амш еилгоит. Аԥсҭҳәақәагьы аҩада, мрагыларахь ицозар, амшцәгьа ықәыргоит, ақәа ауӡом. Ус акәымкәа, аԥша ҟәанда асыр, ақәа ауеит", - ҳәа ҳаиҳәеит Денис.

Иазгәасҭар сҭахуп иара ирцәажәара акыр ишыуадаҩыз, иара иҳәаралагьы имаӡақәа зегьы араҟа иаасыртуам, урҭ иреиуоуп аԥхыӡ иибо зеиԥшроу ала амш зеиԥшрахогьы шидыруа атәы.

Абарҭ идыррақәа инарҷыдангьы иара, 35 шықәса зхыҵуа, аҭәҳәақәагьы идыруеит, иагьыҟаиҵоит (иззыҟаиҵо маҷуп, иаҳа изааигәақәоу заҵәык роуп). Иара убас ақыҭаҿы дымшуп, имшьҭа бзиоуп ҳәа дгәаҭаны дрымоуп аҟынтә Ажьырныҳәа (Хьачхәама) адырҩаҽныгьы рыҩны днеирц азы заа иарҳәоит.

Крещение в Богородицком Житенном женском монастыре в Осташкове - Sputnik Аҧсны
"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз

Ашықәс аамҭақәа ишрықәнагоу еиԥш аҳауа анышьақәымгыло, аԥсуаа имҩаԥыргоит аныҳәара "Хыхь иҟоу" ҳәа, мамзаргьы "Сынтәа ҳазмадоу" ҳәа. Аетнографцәеи афольклористцәеи ишазгәарҭо ала, уи иазку иалкаау аамҭак ыҟам. Иаҳҳәап, амшцәгьа акыраамҭа еилымго аарыхра иаԥырхагахо ианыҟала, "Хыхь иҟоу аказы ҳаигәаԥхом" ҳәаны, рбаӷьк шьны аҭаацәа еиқәныҳәон, аамҭа рзыбзиахаразы "Хыхь иҟоу" иҳәон.

Убасҵәҟьа ҽа аамҭаказгьы, ӡынроума, ааԥынроума, анхацәа аамҭа рзеиӷьымшәа рбозар, абас рхы иақәныҳәон. Иахьагьы џьоукы-џьоукы ирҳәо уаҳауеит "Ҳаи, хыла длеиааит сынтәатәи аамҭа зтәу" ҳәа ишәиуа, аамҭа зеиԥшроу аныргәамԥхо. Мамзаргьы, "Сынтәа аамҭа бзиоуп, изтәу ҳикәыхшоуп" рҳәоит.

Асы анауша, ианамуша злардыруа – аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Амҷба "Ажәлартә календар аматериалқәа" ҳәа хыс измоу ианҵамҭақәа рыҟнытә:

  • Ашықәсан ахьа рацәаны иҟалар, аӡын асы рацәаны иауеит
  • Агәмыркатыл рацәаны амыӷ ианҿала, аӡын асы рацәаны иауеит.
  • Ардәынақәа заа аҵаа иахҟьаны ианԥсылаха, аӡын асы рацәаны иауеит.
  • Ҭагалан аҳәынаԥқәа рыҭра аҵлаҿы иҳаракны иҟарҵозар, асы рацәаны иауеит, аӡынра цәгьахоит.
  • Аӡын заа адыдра иалагар, асы аура иатәуп.
  • Акамбашь ахьҭа аныҟоу изқәыршәшәо иалагар, асы ауеит, "асы абоит" рҳәоит.
  • Аҽы аҭра аҭыҵра ацәымӷхар, амш цәгьахоит, асы аура иатәуп.
  • Ахԥахь заа ихьнасаар, арахь аӡынра бзиахоит.
  • Амзаҿа шкәакәазар, алмзак амш бзиахоит, иҟаԥшьызар, амшцәгьа иатәуп.

Анҵамҭақәа аагоуп Гь. Амҷба "Аҧсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызкыу астатиақәа" 1977 ш. Ад.51-54 аҟнытә.

Ажәабжьқәа зегьы
0