"Абна амаӡа": ауаҩи аԥсабареи еимаздо акультуратә мазара

© Sputnik / Томас ТхайцукОсень в лесах Абхазии
Осень в лесах Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазхылҵыз аԥсабара ахьчара ҳара ҳнапы иануп, уи азы амаланыҟәа ҿыц арныҟәара аҭахӡам, ҳара ҳкультура ҳазхьаԥшыр, ҳаибааӡо ҳҟанаҵоит лҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа. Ишәыдаагалоит ауаҩи аԥсабареи ирызку ланҵамҭа.

Sputnik, Есма Ҭодуаԥҳа

Ҳазну адунеи гәыблыла абзиабаразы ауаҩы дшыхәыҷу инаркны аԥсабара амаӡақәа изаауртлароуп, уи аԥсабара пату ақәиҵартә дуааӡароуп. Узлыҵыз уахәланарбгар шалшогьы удыруазароуп. Уи ҟамларц азы, уара узлыҵыз аԥсабара уара ишуцхраауеиԥш уаргьы уацхраароуп. Ауаҩы аԥсабарахь абзиабара илазааӡар зылшо атрадициатә культура ауп. Убри азы ахәыҷы ирҵалатәуп аԥсабара адунеи еиҿызкаауа акәны ишыҟоу адагьы, уи ҳара ҳкультураҿы иааннакыло аҭыԥ, аԥсуаа аҵла, абна ишазыҟоу.

Ал - Sputnik Аҧсны
Згәы разу: аԥсуа баҳчаҿы зхатә ҭыԥ ылызххьоу алҵла

Аԥсуаа ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи ибзиаӡаны ирныԥшуеит ауаҩи аԥсабареи реилаӡҩара, аӡәыкны рыҟазаара. Абнеи абна анцәахәи ракәзар, иалкаау аҭыԥ ааныркылоит аԥсуаа рфольклор аҿы. Аҵлақәа зымшьҭа бзиақәоу ҳәа иалыркаауа шыҟоу еиԥш, аҩны еиҭауҳар иҟало, иҟамло ҳәа, иара убас абнаҿгьы аҵла аҳаҭыр шьалатәуп, уи ианхуҵәалак ҟалом, аҩархь убылуазаргьы, иара аамҭа амоуп, аҭыԥгьы амоуп. Абна – ари қыдбажәла еиҿартәу акы акәым, мамзаргьы аекологиатә система мацарам. Абна – ари ажәларқәа ркультуратә мазароуп, доуҳатә малуп.

Абна асакралтә ҵакы аныԥшуеит ҳкультуратә мазарагьы. Иаагозар, иахьауажәраанӡангьы еиқәхаз аӷәтәы ҩнқәа, еиуеиԥшым архитектуратә комплексқәа, иара убас хыԥхьаӡара рацәала амҿлыхқәа. Аҵлақәа рымҵаныҳәареи урҭ рымҵан ақьабзқәа рымҩаԥгареи иудырбоит дара рсакралтә ҵакгьы.

Аџьҵла - Sputnik Аҧсны
"Ақәранҵыра асимвол", мамзаргьы аџьҵлазы азгәаҭарақәак

Иҟоуп жәлантәқәак иԥшьоу аҵлақәа ҳәа иԥхьаӡоу рымҵан имҩаԥызго аныҳәарақәа. Урҭ иреиуоуп, иаҳҳәап: Зыхәаа аџьҵла амҵан имҩаԥырго аныҳәара, Габниаа рыжәлантә иазку аныҳәара – аҭәаҵла амҵан имҩаԥыргоит иахьагьы. "Быжьҩык аҩызцәа умазар аиҳа арасатәы лаба иаҳа уахьчоит" ҳәа иҟоу ажәаԥҟа акәзар, иунарбоит уи аҵакы шаҟа иҳараку, амч иамоу – уи амч шыӷәӷәоу убоит араса-ҵәы агәи агәаҵәеи ахаҵаны аныҳәарақәа ахьымҩаԥыргогьы.

Традициатә культурала абна – ари ауаҩы иитәым, ицәтәыму ҭыԥуп. Уаҟа инхоит даҽа дунеик иатәу амчқәа, урҭ ирылоуп ауаҩы ибзианы изыҟоу еиԥш, иԥырхагоугьы (аҩсҭаа, абнауаҩы реиԥш иҟоу). Абнараҿы иҟоуп иалкаау иԥшьоу аҭыԥқәагьы узхысыр ҟамло. Уи аҭыԥ уахысыр, иара иахылаԥшхәу иҟны унанагоит (Ажәеиԥшьаа, Абна инцәахәы). Ақә, аҵасла уныҟәар, Абна инцәахәы духылаԥшуеит, аха иахурҟьар, амашәыр уақәшәар ҟалоит. Уи атәы еиҭазҳәо ажәабжьқәа иахьагьы рхыԥхьаӡара рацәоуп.

Ашьхацамҩа - Sputnik Аҧсны
"Мҩахәасҭала ахрақәа рахь" – Аԥсҭа ианҭало имҩаԥырго аныҳәара

Аҵла акульт шыҳараку "Адунеитә ҵла" ҳәа изышьҭоу аилкаараҿгьы ианыԥшуеит: адацқәа – адгьыл аҵантәи адунеи, амахәҭақәа – ҳзықәгылоу адгьыл аҿтәи аԥсҭазаара, ахықәцә – хыхьтәи, жәҩантәи адунеи. Хазы иалкаау "абна абызшәа" иахьауажәраанӡагьы еиқәханы иҳамоу шаҳаҭра ауеит аԥсуаа ҷыдала абна ишазыҟоу. Уи арҵабыргуеит аԥсҭа ианҭало имҩаԥырго аныҳәарагьы. Шәарыцара инҭыҵуа ауаҩы изы акәзар – "абна афҩы ихалароуп" рҳәоит.

Абна амаӡақәа аԥсуаа иршьоз, иахьа иаҳхашҭхьоу акырӡа ирацәоуп, урҭ ақьабзқәа рыԥсыҽхара абна ахьчара аԥҟарақәагьы ирныԥшуеит. Ауаҩы аԥсабара шаҟа дацәыхарахо аҟара иара даӷахоит, "зқьы ааӡаны, шәкы абна аҭара" ахаҭыԥан, "шәкы ааӡаны, зқьы игарц" далагоит. Аха аԥсабара ухьчар, иаргьы ушахьчо еиԥш, иаԥырхагоу ҟауҵар, уҭанархаргьы ҟалоит. Ҳазхылҵыз аԥсабара ахьчара ҳара ҳнапы иануп, уи азы амаланыҟәа ҿыц арныҟәара аҭахӡам, ҳара ҳкультура ҳазхьаԥшыр, ҳаибааӡо ҳҟанаҵоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0