Аԥсуаа рҿы аԥҳәыс лхаҵатәы аҵаки уи аныҟәгашьеи

© Foto / предоставила Эсма ТодуаАкасы. Головной платок
Акасы. Головной платок - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ԥҳәыс лхаҵатәы иамоу асимволқәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ахаҵа ихаҵатәы асакралтә ҵакы шамоу еиԥш, аԥҳәыс лхаҵатәгьы ахатә символқәа амоуп. Урҭ ираԥхьагылоуп "ацқьара". Уи ацқьара аҿаԥхьа рхы ладырҟәуан. Ҿырԥштәыс иугозар, ҩыџьа ахацәа ахьеисуа аԥҳәыс лкасы аалхыхны илыбжьалыршәыр, иаразнак иҳашҳатәрахазшәа иаангылон, наҟ-ааҟ инеидыҵуан.

Леиаа рныҳәара. Акасқәа зхоу аҳәса - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2019
Ахҷаҭхылԥа, акасы еицарса, ашьал: аҳәса рхаҵатәы азы ажәақәак

Аԥсуаа рҿы еиҳа инарҭбааны ахархәара змаз акасы ауқәа, ашьалқәа ракәын. Иара аҿаҳәашьақәа еиуеиԥшымкәа иҟан. Аԥҳәыс лкасы аныҟәгашьала еилукаауан лара дзеиуоу, лсоциалтә статус, иара убас аҭаацәара далалахьоу, даламлацу, дҳәаны дыҟоу, мамзаргьы дыԥҳәыс еибоу.

Кавказ ажәларқәа рҿы аԥҳәыс лхаҵатәқәа рҟынтәи азҿлымҳара рымоуп акасы здыркуаз ахылԥа қәацәқәа. Уи аԥҳәыс лыхцәеиԥш лыхәдагьы аҵәахуан. Уи ахылԥа ахыхь даҽа касыкгьы ахарҵон (аиҳарак ахьҭақәа аныҟаз). Ари ахаҵатәы еиуеиԥшым аформақәеи аорнаментқәеи аманы иахьа иахьубо акәашаратә-ашәаҳәаратә ансамбльқәа рҿоуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАнсамбль "Кавказ"
Ансамбль Кавказ - Sputnik Аҧсны
1/5
Ансамбль "Кавказ"
© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Шьараҭын"
Ансамбль Шьараҭын - Sputnik Аҧсны
2/5
Ансамбль "Шьараҭын"
© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Шьараҭын"
Ансамбль Шьараҭын - Sputnik Аҧсны
3/5
Ансамбль "Шьараҭын"
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа ҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль
Аԥсуа ҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль - Sputnik Аҧсны
4/5
Аԥсуа ҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль
© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Ерцахә"
Ансамбль Ерцахә - Sputnik Аҧсны
5/5
Ансамбль "Ерцахә"
1/5
Ансамбль "Кавказ"
2/5
Ансамбль "Шьараҭын"
3/5
Ансамбль "Шьараҭын"
4/5
Аԥсуа ҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль
5/5
Ансамбль "Ерцахә"

Ачечен жәлар рҿы иара хьӡыс иамоуп "курхарс" – актәи ахәҭа еиҭаргоит "ашьабсҭа атәыҩақәа" ҳәа, аҩбатәи – ахцәы. Иара аформала аиашаз ашьабсҭа атәыҩақәа иреиԥшуп, наҟ-ааҟ аганқәа ирқәацәны ишьҭыхны иҟаҵоуп. Ахылԥақәа рхаҭақәа рҿы иануп еиуеиԥшым асахьақәа: амра асахьа, амза асахьа, аеҵәақәа, ашьабсҭа. Ас еиԥш иҟоу ахаҵатәы архаикатә ҵакы аныԥшуеит.

Адыга жәларқәа рҵас ала, аԥҳәыс раԥхьатәи лыхшара данлоулак ашьҭахь ари ахылԥа налхыхны акасы еицарса лхалҵон. Аҭаацәара аԥызҵаз лкасы аиқәаҵәа ԥшшәы аман. Идыруп аԥсуаа рҿгьы аҭаацәара иалалоз аԥҳәызба акасы еиқәаҵәа шакәыз илхадыршәуаз. Уи иахаану ыҟоуп уажәгьы.

© Foto / Facebook/Крест МужчиныАԥсуаа XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса алагамҭеи рзы
Аԥсуаа рҿы аԥҳәыс лхаҵатәы аҵаки уи аныҟәгашьеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2021
Аԥсуаа XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса алагамҭеи рзы

Убас 86 шықәса зхыҵуа Ламара Жьиԥҳа лхаҭа лчараҿы акасы еиқәаҵәа шылхаз атәы ҳалҳәеит:

День флага  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2021
Анцәахәқәеи амч лашьцеи: аԥҳәыс лхаҿра аарԥшышьа аԥсуа фольклор аҿы

"Сара аҩнра санааи, жәаф шықәса ракәын исхыҵуаз. Аҭаца касы ҳәа акасы еиқәаҵәа схарҵеит, абас наҟ-ааҟ ужәҩа инықәсуа, еиқәаҵәаӡа, аҭаца лхы-лҿы умбо. Уажә аҭаца акасы шкәакәа лҿадыршәуеит, аха усҟан ус иҟамызт, аҭаца дырҵәахуан, алаԥш дацәырхьчон. Аԥҳәыс аҩны афатә ҟалҵома, аҽакума, акасы лхазароуп, лыхцәы аҵымԥшуа. Нас иқәыԥшуи зықәрахь инеихьои ркасы хаҵашьа еиԥшӡам, аӡӷабцәа иаҳа ирԥшӡаны иҟарҵоит, егьи аҭакәажәцәа ашьҭахьҟала иҿаҳҳәоит, нас аԥхьаҟа иааганы еиқәаҳҳәалоит, ҳарԥхаразы", – ҳәа азгәалҭоит лара.

© Sputnik / предоставила Эсма ТодуаЛамара Жьиԥҳа
Аԥсуаа рҿы аԥҳәыс лхаҵатәы аҵаки уи аныҟәгашьеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2021
Ламара Жьиԥҳа

Иахьагьы акасы ахархәара аманы иҟоуп, еиҳарак уи ныҟәыргоит ақыҭақәа рҟны инхо аиҳабыратә абиԥара, аҩнԥҳәысгьы фатәык аныҟалҵо лхахәыц наламшәаразы уи лхы иалырхәоит. Егьырахь еиҳа инарҭбааны ахархәара зманы уажәы иҟоу ашьалқәа роуп, урҭ рыжәҩа иқәдыршәуеит, еиуеиԥшымкәа иԥшӡаны иҿарҳәоит, ԥшшәы рацәала иҩычоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0