Аҽҵыс, амархәац, аихаҵхтәы: аҽааӡара акультура аԥсуаа рҿы

© Foto / Гәарамиаа рҭаацәаратә архив аҟнытәКәҷыр Гәарамиа
Кәҷыр Гәарамиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2021
Анапаҵаҩра
Аҽааӡашьа, аҽықәтәашьа, аҽымаҭәа, аҽыуаҩ илеишәа – абри зегь еицрыгашьа рымаӡам, еизакуп. Аҽааӡара акультура аԥсуаа рҿы иазкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рыҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа.

Аԥсуаа рзы адгьыл ақәаарыхреиԥш арахәааӡара аҵак ду амоуп. Арахәааӡарахь иахкуп аҽааӡарагьы. Аҽы Аԥсны ианырҵо иалагеит II азқьышықәсазы ҳера ҟалаанӡа. Аҽааӡашьа, аҽықәтәашьа, аҽымаҭәа, аҽыуаҩ илеишәа – абри зегь еицрыгашьа рымаӡам, еизакуп. Урҭ ирыдҳәалоу аԥсуа лексикагьы акырӡа ибеиоуп.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аҽы уаанӡа иацыз ақьабзқәа акыр рҽырыԥсаххьеит. Аха ус шакәугьы, аҽы акульт иахьанӡагьы еиқәхеит. Уажәгьы адоуҳатә мчы аланы ирыԥхьаӡоит аҽхыбаҩ. Уи ауҭра, амхырҭа аҵәҩан иахарԥаны иаладыргылон алаԥш бааԥс иацәнахьчоит ҳәа. Иара убри аҵакы ала ашәхамс иқәырчаԥон аҽеимаа. Иахьагьы ана-ара иубоит аҽеимаа символра азызуа амаҭәарқәа аҩны аҩналарҭаҿы, ма агәашә аҿы ихшьны.

аҽқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2019
Аҽы дызлақәтәо иарма шьапы алоуп: асас иҽыжәҵаразы азгәаҭақәа

Ажәытә аԥсуаа аҽы ҵакны иалацәаӷәомызт, аҽы бзиа аҽыуардын иаҵарҳәом, аидара ақәырҵом. Аԥсуаа аҽы рааӡоит иақәтәаны аланыҟәаразы, арыҩразы, архәмарразы. Аҽы зҭагылоу ақәрақәа ирҿырԥшны ахьӡқәа ршьоит абас еиԥш: аҽҵыс, арҟәыдтәы, абжьатә, амархәац, аихаҵхтәы.

Гьаргь Амҷба иетнографиатә материалқәа рҿы ишазгәаиҭо ала, амархәац рҳәоит иҟатоу, зықәра маҷу аҽазы, ирыбжьахьазаргьы, ирмыбжьацзаргьы; аҽҵыс ҩышықәса анахыҵуа аԥрыцәи аҵыхәеи дырҟәыдуеит, нас ижәпаны иазҳауеит ҳәа. Абжьатә хышықәса анахыҵлак, акәадыр ақәырҵоит. Аҽы ԥшьышықәса ианырҭагылоу, аҽааӡаҩцәа ишгәарҭо ала, ҩ-хаԥыцк аԥсахуеит, убри ашьҭахь "аиха иҵырхуеит".

Аҽы аҳәызба (аиха) ианыҵырхуа иныҳәоит: "ирахәы мшхо, снапы хьымӡӷы ақәсымго, изтәу изы ихырҳагахо!" ҳәа. Аҳәызбаҵхра иахҟьаны аҽы абӷа мхәарц азы, ианыҵырх нахыс жәаҩа мшы анааҵлак идырҩуеит.

Аҽы иазыҟарҵоит ахыбра ҷыда – аҽҭра. Аҽҭра аҩнуҵҟа аҽыхәчара кыдҟарҵалоит - ахәы ахьҭарҵо. Абжьааԥны иҭакны мацара ирааӡо аҽыҩқәа роуп.

Аҽқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2019
Аҽышьашьана: аҽқәа рааӡара иадҳәалоу ақьабзқәеи урҭ рныҳәареи

Аҭаацәара ду аҿы ԥаса иныҟәыргон ҩба-хԥа ҽы. Аҩнаҭа еиҳабы иреиӷьу аҽы, қәрала инаӡоу дақәтәоит. Арԥыс иҽы – мархәацуп, ҽыкәашоуп. Аидара иазыркуеит – аҽы нади. Ауахьад анҵаны ирыман. Аиҳарак уи зылшоз ҭауади аамысҭеи ракәын – ҩышә-хышә рҟынӡа инаӡон. Аҽааӡара бзиа избоз анхацәа 40-60 ҽы рҟынӡа рзанын, аха уигьы зылшоз маҷын, избанзар ауахьад анҵаразы алшарақәа маҷымкәа иаҭахуп.

Иахьазы ауахьад анырҵом, хаҭалатәи наплакыҩцәақәак ракәымзар аҽырыҩрақәа, аҽырхәмаррақәа ирылахәу. Амала аҽырыҩра абзиабаҩцәа рхыԥхьаӡара рацәоуп, ԥсаҭала бзиа ибаны аҽы зааӡо ыҟоуп. Аныҳәа дуқәа раан аҽырыҩрақәа, аҽырхәмаррақәа мҩаԥыргоит.

Аҽааӡара иацу акәамаҵамақәа акырӡа ирацәоуп, уи азҵаара иҵегь ҳазыхынҳәран ҳаҟоуп. Аха абра зыӡбахә ҳҳәаз амаҷгьы иунарбоит аԥсуаа аҽы даҽа ԥстәык иаламҵакәа пату ду шақәырҵо, иара ажәытәтәи акульт макьанагьы акыр инханы ишыҟоу.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0