Аԥсуаа рабџьархкқәак ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны иахьанӡа

© Sputnik / Томас ТхайцукТурнир лучников "Афырхы"
Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2021
Анапаҵаҩра
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аԥсуаа рхы иадырхәоз бџьархкқәак ртәы ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Алабашьа

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аԥсуаа бџьарс рхы иадырхәоз еиуеиԥшымызт. Аамҭа аҽарҿыццыԥхьаӡа иаргьы еиҳа-еиҳа аҽарҿыцуан. Зегь реиҳа ижәытәӡоу бџьархкны иԥхьаӡоуп "алаба№, уи ахы амцала иблын. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, ашәарыцацәа рыбзазараҟны иуԥылоит абас еиԥш иҟоу азгәаҭара: "Ашәарыцаҩ шәарыцара данцо, илаба амца иныҽҳәишьуеит, цқьа сманшәалахап ҳәа".

Алабашьа - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2020
Аԥсуаа ратрибут хадақәа: алабашьеи "алабашьа абызшәеи"

Анаҩс, аиха анцәырҵ, уи аус адулара инаркны "алаба" аихатә-хы ҵары ацырҵоит – уи "алабашьа" ҳәа хьӡыс иаиуит, мамзаргьы "аԥсалаба". Алабашьа аԥса иалхны иҟарҵон, мамзаргьы абгыӡыр. Иара акыр аларҵәара змаз бџьарны иԥхьаӡан (палка-копье). Алабашьа бџьархкны иахьыҟаз анаҩсгьы, иаман даҽа ҵакыкгьы: уи рхы иадырхәон ашьхараҿы, аҟәаԥаҿаԥарақәа рҿы аныҟәаразы, иара убасгьы ианхысуаз алабашьа аимҿаԥараҿы ршәақь ықәыргыланы ихысуан.

Алабашьа – ашәарыцацәеи ахьчацәеи иурызҟәымҭхо маруган иҟан, ус иҟоуп иахьагьы. Еиҭарҳәоит, ахьча ашьхараҿ имҩа данацәыхҟьала, иаԥхьа илабашьа ныҵарсны дазҵааит сымҩа сызлақәлари ҳәа. Алабашьа ахы рханы иахьынкашәаз алагьы уи абнара дылызго амҩа инарбеит. Абасала, алабашьа – ауаҩы раԥхьатәи ицхыраагӡатә бџьармаҭәаны иҟалеит. Иахьагьы аԥсуа жәлар рытрадициатә культураҿы алабашьа ахә ҳаракны иршьоит. Уи ныҟәыргоит зықәрахь инеихьоу, зажәа ԥхылнадо абыргцәа.

Алабашьа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.01.2020
Алаԥши, амышьҭеи рықәымшәарц: аԥсуа лабашьа аҵакыи, ахархәашьеи

Ацәҳар, арыцҟьага

Аамҭақәак рзы аԥсуаа рҟны, иара убасгьы, Ажәытәтәи Мрагыларатәи атәылақәа рҟны аибашьрақәа раан ахархәара аман абџьархкы – ацәҳар ("метание камней") - ажәақәа "ацәа", "аҳара" рҟынтәи иаауа. Уи рхы иадырхәон "ахаҳә арԥаразы", "ахаҳәыршәразы". Иара напылаҟаҵаран, маҟаҵас еиқәҵаны икәыршан, агәҭа ахаҳә гьежь агәыларҵон. Ацәҳар иӷәӷәаны иргьежьуа, иргьежьуа, амч аҭаны, ахаҳә иагәылаз дыршәуан, изқәыркыз аҭыԥ аҟынӡа инеирц азы. Аҭоурыхҭҵааҩ Шьалуа Иналиԥа ишиҩуа ала, иҟан ас еиԥш ала ахархәара змаз даҽа бџьармаҭәакгьы - уи арыцҟьага ҳәа иашьҭан ("метательное орудие"). Арҭ ахкқәа аԥсуа хәмаррақәа рҿы ахархәара рыманы иҟан.

Аҟамчы

Напышьашәалатәи аибашьрақәа рҿы ахархәара аман аҟамчы. Аԥхьа иҟаз аҟамчы уажәтәи еиԥшымызт. Аҵарауаа аӡәырҩы ишазгәарҭо ала, иара "ацәҳар" иахылҵыз акоуп. Ашьҭахь иара аҽықәтәаҩцәа рхы иадырхәо иҟалеит. Иазгәаҭатәуп, аԥсуа ҟамчы ҩ-хкыкны ишшо: ахаҵа иҟамчи аԥҳәыс лҟамчи. Аԥҳәыс илкуа аҟамчы иаҳа ирԥшӡаны, ипаны иҟаҵоуп. Аҟамчы иамоуп ахәы, абз (аҽы аԥҵаҵа), аҵӷа. Аҟамчхәы кәыршас ашавроу еиқәаҵәа аҭаны иҟарҵоит, напыла иахьыркуа аҵӷа кылгарҭа амоуп.

Ахыци ахәымпали - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2019
Аҟама, ахыцеихац, архнышьна, ажра, ахаҳә: аҵгара ақьабз зызкуи амҩаԥгашьеи

Ахыци ахҿеи

Ахыци ахҿеи, мамзаргьы ахыци ахәымпали иахьа хәмаррахкны ахархәара змоу, аамҭаказы аԥсуаа рынхашәатә бзазараҿы аҵак ду змаз маҭәарын. Иара рхы иадырхәон бџьархкык аҳасабала. Аԥсуаа рҟны еицырдыруеит еиуеиԥшым ахыци ахҿеи рыҟаҵашьа ахкқәа. Иазгәаҭатәуп, ахҿақәа, аԥсуаа иԥшьоу аҭыԥқәа ҳәа иршьоз ашьха ашьапқәа рҟны ишынрыжьуаз изырманшәалаша аибашьра анцәахәы, мамзаргьы ашәарыцара анцәахәы ихьӡала.

Жәлар рдырра згәылоу аԥсуаа рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа ургәылаԥшыр иубоит реиҳа лассы-лассы ахархәара змоу абџьархкқәа. Убас, нарҭаа рҳәамҭақәа рҿы реиҳа лассы-лассы ахархәара змоу абџьархкқәа иреиуоуп: алаба (алабашьа), аҟамчы, аҳәа, ахыци ахҿеи.

Арҭ еиқәыԥхьаӡоу рнаҩсгьы аԥсуаа рҿы бџьархкыс ахархәара рыман еиуеиԥшым аихақәа, аса, аҳәа, аԥсуа ҳәызбақәа уҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0