"Анасыԥ ахьыуԥшаауа, ачымазарақәа ахькауԥсо": х-мҩак реихагаларҭа аԥсуаа ркультураҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукДорога в Бедиа Ду
Дорога в Бедиа Ду  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.08.2021
Анапаҵаҩра
Х-мҩак ахьеихагалоу аԥсуаа ртрадициатә культураҿы ишахәаԥшуа, насгьы уа имҩаԥырго ақьабзқәа ртәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Нанҳәамзы 28 рзы Аԥсны иԥшьоу, иҳацәцахьоу ргәаларшәара иазку мшуп. Иҟоуп агәаанагара, Нанҳәа аҽны аԥсцәа зегьы рцәеи-ржьи ахьамадоу адгьыл иаҭаауеит ҳәа, ԥхьаҟа иҟалараны иҟоу рдыруа.
Праздник урожая и молодого вина на поляне Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.08.2023
Нанҳәа: итрадициатәу аԥсуа ныҳәара амҩаԥгашьеи аҵаки

Аӡырыҩра

Ашықәс аҩныҵҟа иҟалараны иҟоу аилкааразы Нанҳәа ауха, аҵх аҽанааҩнашалак аӡырыҩразы агәаҳәара змаз хәы ҳаракык аҿы, ма аԥсыжырҭақәа рааигәара, мамзаргьы х-мҩакы ахьеихагалоу ицаны итәон. Акыраамҭа ҿымҭӡакәа атәара зылшаз, ақыҭаҿы ашықәс аҩныҵҟа иҟалараны иҟоу абзиарақәа, ачарақәа, аԥсрақәа, ачымазарақәа ирыдҳәалоу адыррақәа аҵх иалагӡаны аԥсцәа абзацәа ирзаадыртуан. Агәырӷьара ахьыҟалаша аҩнаҭаҿы ашәаҳәабжь дәылыҩуан, агәаҟра ахьыҟалаша амыткәмабжь.

Х-мҩак ахьеихагалоу

Х-мҩак ахьеихагалоу аԥсуаа рытрадициатә культураҿы иԥшьоу ҭыԥны ирыԥхьаӡоит. Ас еиԥш иҟоу аҭыԥ иахәаԥшуеит иуҳәо ахьыҟало, иҟалараны иҟоу ахьеилкаахо, адырра ҿыцқәа роура ахьалыршахо, еиуеиԥшым ақьабзқәа ахьымҩаԥырго ҭыԥны. Х-мҩак ахьеихагалоу – аҵабырги иҟалараны иҟоуи аилкаара ахьзалыршахо ҭыԥуп.
Девушка во время гадания - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.08.2023
Аӡархәма, ма анасыԥ азы аԥшра: нанҳәа ауха имҩаԥырго ақьабз
Хьыхь зыӡбахә ҳамаз Аӡырыҩра ицәырнагоит ижәытәу даҽа ритуалкгьы. Иара мҩаԥыргоит Нанҳәамза 28 ауха, х-мҩак ахьеихагалоу аҭыԥ аҿы. Аритуал хықәкыс иамоуп ибжьаӡыз ауаҩы иԥсы ҭоу иҭаму аилкаара.
Аҵарауаҩ, амифҭҵааҩы Цира Габниаԥҳа "Аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи изызкуи ирымҩаԥгашьоуи рзы згәаҭарак" ҳәа хьӡыс измоу лыстатиақәа рцикл аҿы далацәажәоит ари ақьабз амҩаԥгашьа. "Ибжьаӡны иҟоу иҭынхацәа гәыԥҩык рҽааидкыланы, х-мҩак ахьеихагалоу итәоит, ҿымҭӡакәа. Амҩа ахьеиларсу аҭыԥ аҿы амца еиқәырҵоит. Амца бзианы ианеибаклак, иӡны иҟоу иҟәых наганы иақәырҵоит. Иӡны иҟоу дыԥсхьазар, иҟәых аблымҭазы исахьа змоу агага ааины амца ахыԥара иалагоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Иԥсы ҭазар, игага ахабар ҟалаӡом. Усҟан аҭынхацәа иԥсы ҭоуп ҳәа игәырӷьаҵәа рыҩныҟа ихынҳәуеит".

Агәнаҳа ахыхырҭа

Х-мҩак ахьеихагалоу – агәнаҳа рацәа иаҵоу, агәнаҳа дшаҵоу еилкааны, дахьхәны, дааины игәнаҳақәа рхыхра ахьилшо ҭыԥуп. Хыхь зыӡбахә ҳәаз астатиақәа рцикл аҿы аҵарауаҩ Габниаԥҳа иҟалҵоит азгәаҭара: "Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҟны иуԥылоит агәнаҳа иаҵаз ауаҩы дахьхәны, сызҵоу агәнаҳақәа хыхшьас ирымоузеи ҳәа Анцәа даниазҵаа, Анцәа ииҭаз абжьгарала, х-мҩак ахьеихагалаз дцаны, шәҩык ауаа хәылбыҽхак иалагӡаны, акрырҿаҵаны игәнаҳақәа ихихит зҳәо асиужетқәа".
Отдыхающие на побережье Средиземного моря в Тель-Авиве - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2021
Ҩыџьа еибаԥшаарц: анасыԥ иазку хәажәкыншьҭахьтәи ақьабзқәа

Анасыԥ ахьыуԥшаауа

Аҭаацәара иаламлац аҿар ирынасыԥхо деилыркаарц Хәажәкыра ауха абзиабара анцәахәы Нымираҳ изку ақьабз ҟарҵон. Анымираҳ изкны ақьабз шымҩаԥыргоз ҳәа ишәҟәы "Ажәақәа рдунеи" аҿы ашәҟәыҩҩы-ажурналист Шьаликәа Камкьиа абас иҩуан:
"Ашыла кәаҳаны, џьыкахышла иҳәахны, кәакәарны ирӡуеит рыцыԥхьаӡа фба-фба цыра. Ашьҭахьы еицәажәахьаз аҭыԥҳацәа ркәакәарқәа рыманы, хы-мҩакы ахьеихагалоу иаангыланы, "сынасыԥ уаха ԥхыӡла дсырба", - ҳәаны, досу ртәқәа х-кәакәарк рфоит, нас џьаргьы ихьамԥшӡакәа, егьырҭ акәакәарқәа аҩныҟа иааргоит, уи ауха иахьышьҭамлац џьара иԥхьоит, ркәакәарқәа рыхчы иаҵаҵаны".
Абри аҵас иахьӡуп "анымҩараҳ", аурысцәа ирымоу "гадание на суженного" маҷк еиԥшуп, ҳәа алкаа ҟаиҵоит автор.

Ачымазарақәеи агәамбзиарақәеи ахькауԥсо

Ачымазарақәаеи агәамбзиарақәеи зчычаз, аҿырҳасреи иааҟәымҵӡакәа аҵәыуареи ҵызгаз ахәыҷы изы бзыԥаа х-мҩак ахьеихагало имҩаԥыргон "ачымазара ахыхра" захьӡыз ақьабз. Ақьабз ҟалҵон ан, ма анду. Ақьабз аҟаҵараан, ашылеи аџьыкахыши еиҟараны еилалыԥсон. Нас еилалырҩынтуан, хыџьара ишаны х-макәанк ирҭалыԥсон. Анаҩс, урҭ амакәанқәа акакала ахәыҷы хынтә-хынтә ихы иакәлырхшон "иухьша-мыхьша зегьы абарҭ амакәанқәа шьҭызхуа иахь ицааит!" ҳәа дақәцәажәо. Ашьҭахь, абарҭ дзықәцәажәаз амакәанқәа х-мҩак ахьеихагаларҭоу инаганы ишьҭалҵон.
Амакәанқәа аашьҭызхыз иахь ииасуеит ҳәа иԥхьаӡан ахәыҷы ичымазарақәа зегьы. Абжьыуаа рҿы ари ақьабз аҭыԥ аман, амала ақьабз амҩаԥгаразы рхы иадырхәоз аҟәыд рыцқәа ракәын. Абасала, х-мҩак ахьеихагалоу уцәа иалоу ачымазарақәа ухыхны икоуԥсар ахьалшо аҭыԥуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0