"Аиха амаӡа" – Аԥсуа жьицәа рҟазара

© Sputnik / Томас ТхайцукЦех по изготовлению кованных изделий - Зураб Хагба
Цех по изготовлению кованных изделий - Зураб Хагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жьиҩцәа ақыҭанхамҩа акыр иацхраауан. Урҭ иҟарҵон анхаҩы аус злаиуаз амыругақәа, иара убасгьы абџьар. Абри атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Анапҟазара

Аԥсуаа рынхамҩаҿы адгьылқәаарыхра, арахәааӡара инарываргыланы анапҟазара ихадароу аҭыԥ ааннакылоит. Анапҟазара ахкқәа рахь иаҵанакуеит: амҿыуасҭара, ахаҳәуасҭара, ажьира, ахьира, асра, ақыцӡра, аҳаӡра.
Аетнограф Иура Аргәын иусумҭа "Аԥсуаа ретнологиа" аҟны ишазгәаиҭо ала, "ҳаӡа – анышәаԥшь жәла ажәытәӡатәи ахьӡ ауп, ҳаӡаа  ҳәагьы ашьҭра ыҟан" (акерамика, афарфор аус адызулоз). Арҭ анапҟазарахкқәа "аԥҳәысмусхә", "ахаҵамусхә" ҳәа еихыршоит.
Цех по изготовлению кованных изделий - Зураб Хагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2020
Аиха знапаҿы иаазгаз: ажьи Зураб Ҳагба иҭоурых
Аӡахра, асра, ақәҵара аԥҳәысмусхә ахь иаҵанакуазар, амҿы, ахаҳә аус адулара, ауасҭара, ажьира, ахьира – ахаҵамусхәқәа рахь иԥхьаӡоуп.
Иазгәаҭатәуп, аамҭаказы арҭ анапҟазарахкқәа аҿиара рыманы иҟазҭгьы, даҽа аамҭақәак рзы (иаҳҳәап, амҳаџьырра ашьҭахь) зыҿиара маҷхаз ыҟоуп, ҳаамҭазы акәзар, зынӡаск икарыжьхьогьы ыҟоуп.

"Аиха амаӡақәа"

Аԥсуа жьиҩцәа ақыҭанхамҩа акыр иацхраауан. Урҭ иҟарҵон анхаҩы аус злаиуаз амыругақәа (аиха, аигәышә, арыҭәа, ажьаҳәа, аҵәымӷ, аҽага, ацәеиха уҳәа), иара убасгьы абџьар (аҳәа, аса, аҟама, ахҿа).
"Аԥсуаа иҟарҵоз аиха Дамасктәи аџыр ҳәа адунеи аҿы еицырдыруа аасҭагьы аихара еиҳа акырӡа еиӷьын. Уи ҟазҵоз ажьи имаӡақәа иреиуан, аиха ццышә (ацәыцә) уи раԥхьа аҟызи акәатеи рхәы иалаҵаны ирҿарҵон.
Арҭ аиха иҟарҵоз иарбанзаалак рацәамцала иршны еиҵырцон, иалихырц дызҿыз шьақәыргыланы ианиртәалак ашьҭахь, еиҭа иршны ани аҟызи акәатеи руац иалхыз аиха аццышә ақәырҳәҳәны, жьаҳәала дасны иалаицалон" – ҳәа иҩуеит аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ҳџьынџьуаҩ Аиман Арыҩҭаа иҟынтәи иҟаиҵаз анҵамҭаҿы.
Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2021
Аԥсуаа рабџьархкқәак ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны иахьанӡа
Аметаллургиа аԥсуаа рҿы аҵак ду шамаз рныԥшуеит урҭ ирызку анцәахәқәеи аныҳәарақәеи (ажьиреи ахьиреи рҿы имҩаԥырго аныҳәара – Ажьырныҳәа, Шьашәы – анцәахәы ихьӡ).
Аиха аус адулара имариам усуп. Ажьи шықәсык иалагӡаны акы-ҩба хкы иреиҳаны изыҟаҵомызт. "Аиха ццышәла иҿыбааны даналгалакь, арахә шшала иӡрыжәуан, аҳәа, аҟама ахыи аҵыхәеи еидукылартә итартаруан, аха адыԥҳәа аҭыԥахь инеиуан, иԥҵәаӡомызт, даараӡа ицҳафыруан, ахәыц аҿашәар еиҩнаршәо" – ҳәа ациҵоит ажәабжьҳәаҩ Аиман Арыҩҭаа.
Ари имариам аҟазара знапаҿы иаазгаз хьыӡҳәала ирдыруан, шамахамзар қыҭацыԥхьаӡагьы иҟан. Иахьа урҭ қыҭацыԥхьаӡа иҟамзаргьы, ари аҟазара ааныжьӡам, аҿиара амоуп. Иҟоуп еиуеиԥшым аҩнымаҭәахәқәа ҟазҵо: аҩны ашәқәа, аԥенџьыр, агәашә уҳәа рнеҩсгьы еиуеиԥшым арԥшӡагатә маҭәахәқәа. Ажәытәан ажьира аӡәы илааӡаразы уи дшыхәыҷыз дазыркуазҭгьы ажьиҩы иахь дышьҭны, иахьа ари занааҭхкны аҵараиурҭақәа рҟны иалагалоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0