Аӡынра ҳазыҟаҵаӡам - Резо Занҭариа Амшынеиқәафымцамч аиҳабы

Афымцалашара. архивтә фото
Афымцалашара. архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афымцамчы аобиектқәа аӡынра иазыҟаҵаӡам - абри аҩыза алкаа ҟаҵан афымцамчы аминистр Виктор Хилчевскии Амшынеиқәафымцамч аусзуҩцәеи реилатәара аҟны.

Аҟәа, 28 жьҭ – Спутник Аԥсны.  Аԥызаминистр ихаҭыԥуаҩ, афымцамчхареи, атранспорти аимадареи рминистр Виктор Хильчевски Амшынеиқәафымцамч аусуҩцәа алархәны имҩаԥигеит аилатәара. Афымцамчхара ауасҭарҭа агәаҭара ашьҭахь иҟаҵан алкаа – афымцамчхара аобиектқәа аӡынра иазхиаӡам, абри атәы аанацҳауеит Аԥсуа телехәаԥшра.

«Аӡынра ҳазыҟаҵаӡам, избан акәзар афымцамчхара еиҳа еиханы ҳхы иаҳархәо ҳалагеит, ахархәаҩцәа еизҳаит. Аҟаҵарҭатә хыбрақәа рхыԥхьаӡара иацлеит, ахархәара аизҳара иалагеит. Иара астанциа ахаҭа, ишысҳәахьаз еиԥш, иаҳа ианаҳҭаххо амчхара ацәыӡуиет» иҳәеит Амшынеиқәафымцамч аиҳабы Резо Занҭариа.

 Ингуртә аӡтәыфымцастанциа — аӡиас Ингур ихықәгылоу, Кавказ иреиҳаӡоу станциоуп. Аԥсны азы  изаҵәу аԥхара хыҵхырҭоуп.

Аилатәара аҟны проблема хаданы иқәгылан ахархәара зызу афымцамчхара азы ауал аидкылара.
Аԥыза министр еизаз ирылеиҳәеит атәыла хадара аӡбарала Амшынеиқәафымцамч хадас Руслан Кәарҷиа дшаҭоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0