Анри Кәыҵниа зхы иақәиҭу аиқәԥарала Урыстәыла Ачемпионат даиааит

Анри Кәыҵниа зхы иақәиҭу аиқәԥарала Урыстәыла Ачемпионат даиааит
Анри Кәыҵниа зхы иақәиҭу аиқәԥарала Урыстәыла Ачемпионат даиааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҿар рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥарала Урыстәыла ачемпионат мҩаԥысит ақалақь Бердск.

АҞӘА, жьҭ 21 – Спутник Аԥсны.  Ачемпионат иалахәын 360-ҩык аспортсменцәа Урыстәыла зегь аҟынтә, ԥшьҩык Аԥснынтәи. Раԥхьаӡакәны арҭ аицлабрақәа рхы рыладырхәит Крымтәи аспортсменцәа.
Аицлабрақәа рылҵшәақәа рыла Анри Кәыҵниа дызлахәыз аиқәԥарақәа рыхԥагьы дреиааины иааникылеит актәи аҭыԥ, Урыстәыла Ачемпионҳәагьы ахьӡ игеит; Ҭемыр Смыр иааникылеит ахԥатәи аҭыԥ 58 кь. Иҟоу аиқәԥаҩцәа рыбжьара.
Аиқәԥаҩцәа рыҩџьегь Урыстәыла еизгоу акоманда иалалеит. Аспортсменцәа азыҟаиҵоит Навик Алабиан.

Ажәабжьқәа зегьы
0