Мутко: "Динамо" Европатәи Алига алгара аӡәгьы изы ирҵагам

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФутбол. Тренировка ФК "Бавария"
Футбол. Тренировка ФК Бавария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афинанстә fair play аԥҟаррақәа реилагаразы 2015́/2016 ашықәсқәа рсезон азы Европатәи Алига ахәмаррақәа ирылгоуп москватәи "Динамо".

АҞӘА, рашәара 21, Sputnik. Европатәи Алига ахәмаррақәа москватәи "Динамо" рылгара аӡәгьы изы ирҵаганы иҟам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла аспорт аминистр Витали Мутко иҳәамҭа иқәыԥшны.

Ахәашаҽны еилкаахеит УЕФА афинанстә fair play аԥҟаррақәа  реилагаразы 2015́/2016 ашықәсқәа асезон азы Европатәи Алига ахәмаррақәа москватәи "Динамо" шрылнагаз.   2015́/2016 ашықәсқәа асезон аҟны акоманда Урыстәыла ачемпионат аҟны аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит.

"Ари, угәы иамыхәаша ажәабжь аӡәгьы изы ирҵаганы иҟам. Сара излацәажәо бзианы еилыскаауеит. Ҳара ҳаҩныҵҟа аклубқәа азин ҷыда — алицензиа раҳҭоит. Сгәы сыхьуеит ахәмарыҩцәа рзы. Урҭ ирылшон европатәи аҩаӡараҟны ихәмарыр", — иҳәеит Мутко.

УЕФА арегламент инақәыршәаны  Москватәи "Динамо" зыԥсахраны иҟоу ашьапылампылтә клуб "Рубин" иагәиҭан ахала Европатәи Алига ахәмаррақәа ирылахәхарц, "Динамо"алгара ацхыраарала акәымкәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, казантәи ашьапылампыласыҩцәа разыҟаҵаҩ хада Ринат Билиалитдинов иажәақәа рыла.

"Ҳара, еврокубок ҳазнеиит, аха сара исҭахын уи еиндаҭрала имҩаԥысыр. Ҳара "Динамо" иақәымҿиандаз ҳәа ҳаԥшымызт. Уаанӡа ҳара ҳраԥысит "Спартак", "Локомотив", "Кубань". Ари имариаз усмызт", — азгәеиҭеит иара.


Ажәабжьқәа зегьы
0