Карпаталиаа ConIFA аверсиала ашьапылампылтә чемпионат аҿы аиааира ргеит

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФутбол. Чемпионат мира - 2014. Матч Аргентина - Босния и Герцеговина
Футбол. Чемпионат мира - 2014. Матч Аргентина - Босния и Герцеговина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ConIFA аверсиала ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат иалахәын 16 команда, имҩаԥысуан Лондон лаҵара 31 инаркны рашәара 9 рҟынӡа.

АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Карпаталиа еизгоу акоманда ConIFA аверсиала ачемпионат аҿы аиааира ргеит, афинал аҿы Аҩадатәи Кипр аиааирала.

Ахәмарра алагамҭаз акомандақәа ампыл адәагәҭа ауп еиҳарак иахьдырхәмаруаз. 35-тәи аминуҭ аан Аҩадатәи Кипр амба ааигәара ашәарҭара шаԥҵазгьы ампыл амба иахыууан ицеит, инашьҭарххны имҩаԥгаз ажәылараангьы лҵшәа ҟамлеит.

Аҩбатәи атаим кипраа рзы иманшәалахар алшон, аха карпаталиаа рымбахьчаҩ илшоз зегь ҟаиҵеит. Ампылгьы ҭамшәеит.

81-тәи аминуҭ азы кипраа ирыман алшара ампыл аҭаршәраз, аха еиҭакрада инхеит.

Беслан Аджинджал - Sputnik Аҧсны
Беслан Аџьынџьал: иҳалымшеит ишахәҭаз еиԥш ахаарԥшра

Ахәмарра аамҭа хадаан ашьапылампыласыҩцәа ирылшоз зегь шыҟарҵозгьы мпыл ҭамшәеит. Аамҭацҵазы Карпаталиа акоманда х-мпылк ҭадыршәит, кипраа – ҩ-мпылк. Абасала Карпаталиа акоманда чемпионхеит.

Аԥснытәи акоманда ажәбатәи аҭыԥ ааннакылеит.

Аԥснытәи акоманда ачемпионат иалахәын чемпионцәақәак раҳасабала.

9-16 аҭыԥқәа рзы ахәмаррақәа раан ҳкомандеи Тамил-Илама акомандеи рыхәмарраан аиааира ргеит 6:0 ҳәа, иапониатәи кореиааи дареи реицыхәмарраан — 2:0 ҳәа.

Ачемпионат мҩаԥыргоит ес-ҩышықәса рахь знык. Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа Рконфедерациа ConIFA шьаҭаркын рашәара 7 2013 шықәса рзы. Иара еиднакылоит 40 инареиҳаны команда.


Ажәабжьқәа зегьы
0