Лондон имҩаԥысуаз ConIFA ачемпионат аҟны ҳкоманда ажәбатәи аҭыԥ ааннакылеит

© Фото : Дима ПагаваМатч Абхазии с Кабилией
Матч Абхазии с Кабилией - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кабилиа еизгоу акомандеи Аԥсны еизгоу акомандеи реицыхәмарраан аханатә аԥснытәи акоманда аԥыжәара шьҭыхны ихәмаруан.

АҞӘА, рашәара 11 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. ConIFA аверсиала Лондон имҩаԥысуаз ачемпионат аҟны Аԥснытәи амилаҭтә команда ажәбатәи аҭыԥ ннакылеит Кабилиа акоманда аиааирала.

Беслан Аджинджал - Sputnik Аҧсны
Беслан Аџьынџьал: иҳалымшеит ишахәҭаз еиԥш ахаарԥшра

Кабилиа еизгоу акомандеи Аԥсны еизгоу акомандеи реицыхәмарраан аханатә аԥснытәи акоманда аԥыжәара шьҭыхны ихәмаруан.

Ус шакәызгьы, акыр ишәарҭаз аҭагылазаашьақәа шаԥырҵозгьы ампыл амба аҭаршәра акраамҭа изалшомызт.

Акоманда акапитан, ахьчаҩбжа Шабаҭ Логәуа —иҭаиршәыз ампыл ашьҭахь 1:0 ҳәа ахәмарра иацырҵеит.

Актәи атаим анҵәамҭаз ахьчаҩбжа Владимир Аргәын ампыл ҭаиршәырц акааигымхеит, аха иқәымҿиеит.

Аҩбатәи атаим аангьы актәи аан еиԥш ҳаспортсменцәа изныкымкәа изцеисоз рымба ашәарҭара иҭадыргылеит.

Иагьрықәҿиеит. Гьаргь Жанаа иҭаиршәыз ампыл ашьҭахь 2:0 ҳәа рыхәмарра иацырҵеит.

Кабилиаа ҩ-мпылк анрыцәца ашьҭахь акыр ҽышәарыла рыхәмарра мҩаԥыргон, аха еиҭакрак ҟамлеит.

Аԥснытәи акоманда ачемпионат иалахәын чемпионцәақәак раҳасабала.

9-16 аҭыԥқәа рзы ахәмаррақәа раан ҳкомандеи Тамил-Илама акомандеи рыхәмарраан аиааира ргеит 6:0 ҳәа, иапониатәи кореиааи дареи реицыхәмарраан — 2:0 ҳәа.

Ачемпионат мҩаԥыргоит ес-ҩышықәса рахь знык. Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа Рконфедерациа ConIFA шьаҭаркын рашәара 7 2013 шықәса рзы. Иара еиднакылоит 40 инареиҳаны команда.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0