Рафаель Надаль 11-нтәуп "Ролан Гаррос" диааиуеижьҭеи

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРафаэль Надаль
Рафаэль Надаль - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәатәи асезон азы Надаль иара убасгьы аиааирақәа игахьан Рим, Барселона, Монте-Карло.

АҞӘА, рашәара 11— Sputnik. Испаниатәи атеннисист Рафаель Надаль 11-нтәуп Франциа иаарту ачемпионат аҿы аиааира игоижьҭеи ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт.

32-шықәса зхыҵуа Надаль, Париж аԥыжәара игеит австриуаҩ Доминик Тим даницыхәмаруаз — 6:4, 6:3, 6:2 ҳәа. Аԥқьаҭасыҩцәа акорт аҿы еиндаҭлон ҩ-сааҭки 42 минуҭи.

Сынтәатәи асезон азы Надаль иара убасгьы аиааирақәа игахьан Рим, Барселона, Монте-Карло. Надаль Пекин 2008 шықәса рзы имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы ахьтәы медал ианашьахеит, ахьтәы медал игеит Рио-де-Жанеиро имҩаԥысыз Аолимпиада-2016 аҿы.

Румыниатәи аспортсменка Симона Халеп раԥхьаӡа акәны аиааира лгеит Франциа аԥқьаҭасразы иаарту ачемпионат аҿы.

Иара убасгьы аԥхьахәқәа ранашьахеит афранцузцәа Пьер-Иуг Ербери Николиа Маиуи, ачешкацәа Барбора Креичиковеи Катерина Синиаковеи, Таивантәи аспортсменка Чжань Иунжань, ахорват Иван Додиг.

Ажәабжьқәа зегьы
0