Зидан аус иурц ахьиҭаху иҳәеит

© AFP 2023 / OSCAR DEL POZOЗинедин Зидан
Зинедин Зидан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зинедин Зидан "Реал" напхгара аиҭон 2016-2018 шықәсқәа рзы. Абри аамҭазы мадридтәи аклуб ачемпионцәа Рлигаҿ хынтә иаиааиит, Испаниа иачемпионхеит.

АҞӘА, нанҳәа 15— Sputnik. "Реал" уаанӡатәи азыҟаҵаҩ хада Зинедин Зидан англиатәи апремьер-лига аклуб ахь аиасра иҭахуп ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт, Metro адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

46-шықәса зхыҵуа Зидан "Манчестер Юнайтед" ахь аиасра вариантк еиԥшны дахәаԥшуеит. Уажәазы уи аклуб Жозе Моуриниу напхгара аиҭоит.

Зинедин Зидан "Реал" напхгара аиҭон 2016-2018 шықәсқәа рзы. Абри аамҭазы мадридтәи аклуб ачемпионцәа Рлигаҿ хынтә иаиааиит, Испаниа иачемпионхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0