Тиерри Анри "Бордо" данапхгаҩхоит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТьерри Анри
Тьерри Анри - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2014 шықәса рзы зыпрофессионалтә кариера хзыркәшаз, Франциа еизгоу акоманда алахәыла Тиерри Анри Густаво Поиет диԥсахын, "Бордо" азыҟаҵаҩ хадас дҟалеит.

АҞӘА, нанҳәа 23 — Sputnik. 2014 шықәса рзы зыпрофессионалтә карьера хзыркәшаз, еизгоу Франциа акоманда алахәыла Тиерри Анри "Бордо" азыҟаҵаҩ хадас дҟалеит. Уаанӡа иара Бельгиатәи акоманда аҩбатәи азыҟаҵаҩыс дыҟан. Абри атәы аанацҳауеит апортал "Чемпионат".

Чемпионата Европы под эгидой ConIFA - Sputnik Аҧсны
ConIFA аверсиала ашьапылампыл асразы Европа Ачемпионат Арцах имҩаԥгахоит

Нанҳәа 17 рзы ашьапылампылтә клуб анапхгара уругваитәи азыҟаҵаҩ Густаво Поиет имаҵзура дамырхит.

Ашьапылампыл асыҩцәа ракәзар, уи иаҿагылеит, рыхәҭак аҽазыҟаҵарақәа рахь имнеиӡеит.

Тиерри Анри дыхәмаруан франциатәи "Монако", туринтәи "Ювентус", лондонтәи "Арсенал", испаниатәи "Барселона" ркомандақәа рҿы. Адунеии Европеи дырчемпионуп, Франциа, Англиа, Испаниа дырчемпионуп, Афедерациа Ахраҿа ианашьоуп.

123 хәмарра дрылахәхахьан, 51 мпыл ҭаиршәхьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0