Афонтәи аҳаԥы ажьырныҳәамза 1 инаркны 22 миллион мааҭ аанагеит

© Sputnik Томас ТхайцукНовоафонская пещера
Новоафонская пещера - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы ажьырныҳәа акы 2015 шықәса инаркны 22 миллион мааҭ инареиҳаны идырҳаит.

АҞӘА, лаҵ 26 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы ажьырныҳәа акы инаркны лаҵарамза 25-нӡа иҭиин 45 763 билеҭ, уи 22 миллиони 191 нызқьи ахҭныҵит, лҳәеит Афонҿыцтәи аҳаԥы аменеџьер хада Есма Гарцкьиаԥҳа.

Афонҿыцтәи аҳаԥы. - Sputnik Аҧсны
Чалмаз: Афонҿыц аҳаԥы ахашәала аҵәахразы иҟоу уҳәан-сҳәанқәа ҵакыдоуп

Гарцкьиԥҳа иазгәалҭеит лаҵарамзатәи аныҳәақәа рзы Афонҿыцтәи аҳаԥы ишаҭааз 11 нызқьи 691-ҩык аԥсшьацәа, урҭ хә-миллион мааҭ аҳаԥаҿы иаанрыжьит.

"Еиҿҳарԥшуазар, ҵыԥх ажьырныҳәа акы инаркны лаҵарамза 25-нӡа аҳаԥы иаҭааит 19 нызқьи 199-ҩык аиҳабацәеи 1286 ахәыҷқәеи, убас ала жә-миллион мааҭ рыхә абилеҭқәа ҭиин", — азгәалҭеит Гарцкьиаԥҳа.

Аменеџьер хада излалҳәо ала, ас еиԥш иҟоу аивгарақәа зыхҟьо ҵыԥх аолимпиада иахҟьаны аҳәаа ахьаркыз ауп.

"Ҵыԥх аолимпиада ыҟан. Ҳара ҳахь иаауаз аԥсшьацәа рхыԥхьаӡара маҷын. Аҳәааҿы аиҳарак аус зуаз шьапыла аиасырҭа акәын", — лҳәеит Гарцкьиаԥҳа.

Гарцкьиаԥҳа излалҳәо ала, аҳаԥаҿы есышықәса аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аԥсшьацәа рыдкыларазы.

Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы альготақәа ыҟоуп: ашколхәыҷқәа, астудентцәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз рзы. Альготатә билеҭ ахә 100 мааҭк иркуеит, ильготатәым – 500 мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0