Рицатәи апарк рашәарамзазы иарҳаз ахашәала ҵыԥх аасҭа ԥшьынтә еиҳахеит

© Sputnik Томас ТхайцукКатамараны на озере Рица.
Катамараны на озере Рица. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рицатәи ареликттә милаҭтә ҳәырԥсарра адиректор Рита Лолуа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит 2015 шықәса рашәарамзазы амилаҭтә парк хашәалас иаиуз атәы.

АҞӘА, ԥхынгәы  1  – Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥхын раԥхьатәи амзазы Рицатәи ареликттә милаҭтә ҳәырԥсарра 28 миллион рҟынӡа ахашәала аиуит лҳәеит адиректор Рита Лолуа.

Рицатәи аҳәырԥсарра аусзуҩцәа ишаарыцҳауа ала, рашәара 1 инаркны 30-нӡа иҭиин 80 нызқь адуцәа рзи 6 нызқь ахәыҷқәа рзи абилеҭқәа. Урҭ рыхәԥса иартәеит 28 миллион мааҭ. Иарҳаз ахашәала ҵыԥх аасҭа ԥшьынтәны еиҳахеит.

Риита Лолуа лажәақәа рыла ахылаԥшра-аушьҭырҭатә пункт аӡәгьы даҩымсит, уиоуп асеиԥш иҟоу аҟазшьарбақәагьы залыршахаз. Лара иара убасгьы иазгәалҭеит аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа аҵакырадгьыл аҟны акоммуналтә маҵзурақәа русура бзианы ишеиҿкаау.

"Ҩба-ҩба сааҭ рыла ирыԥсахуеит агәамсам зҭоу абакқәа. Ҳәарада ауаа рыцрыҵ рацәоуп аха ԥаҭлыкак, бӷьыцк џьара икажьны иубом", — лҳәеит лара.

Ҵыԥх,  рашәарамза 1 инаркны 30 рҟынӡа аҳәырԥсарра иҟанаҵаз ахашәала иартәеит  аа-миллион мааҭк. Иҭиин 24000 билеҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0