Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ахба: Аԥсны есышықәса иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара рацәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба
Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба дазааҭгылеит сынтәатәи ашықәс азы атәыла иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рыдкылара шцо атәы.

Асҭамыр Ахба иажәақәа рыла, Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара маҷым, иҟоуп егьырҭ акурорттә тәылақәа рахь ицаны Аԥсныҟа имҩахыҵуа, насгьы есышықәса ҳаԥсадгьыл аԥшӡарақәа рбара иаауа.

"Аԥсны иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара маҷӡам. Аҵыхәтәантәи хәышықәса ҳгозар, иҟан аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара ианацлоз, ма ианагхоз. Атуризм аҿы уи аҩыза аҭагылазаашьа ҟамлар ҟалаӡом, иҟоуп афакторқәа рацәаны уи ианыруа, иаҳҳәап амш зеиԥшроу, Аԥсныҟа иаауа ртәылақәа рҿы аекономикатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы уҳәа", — азгәеиҭеит уи.

"Хра злоу ахҭысқәа": Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба атәыла иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рыдкылара шцо атәы дазааҭгылоит

Асҭамыр Ахба иажәақәа рыла, Аԥсны иаҭаахьоу аԥсшьацәа рхыԥхьаӡара хышәнызқьҩык иреиҳауп.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит иара убас Аԥсны араионқәа зегь рҟны аԥсшьаҩцәа рыдыркылартә еиԥш аҭагылазаашьақәа раԥҵара шаҭаху.

"Араионқәа зегьы атуризм рнапы алакӡам, ихадоу х-раионк ҳәа иԥхьаӡоуп, Гагреи, Гәдоуҭеи, Аҟәеи. Очамчыра араион атуризм аганахь ала апотенциал ӷәӷәа амоуп, иара убас Гәылрыԥшь араион, Аԥсны ааидкыланы иԥсшьарҭа ҭыԥны аҟаҵара аҭахуп", — иҳәеит уи.

Асҭамыр Ахба иара убас иазгәеиҭеит атуризм аганахь ала атәылаҿы ауадаҩрақәагьы шыҟоу, урҭ рахьтә аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара, акурорттә обиектқәа русушьа, уҳәа еиуеиԥшым ауадаҩрақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0