Аԥсуа қалақь "акадифаамҭазы" хәмариала аԥсшьара ахьалшо аҭыԥқәа ирылашәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы в Новом Афоне
Туристы в Новом Афоне  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2021
Анапаҵаҩра
Атуристтә маҵзура TVIL.RU иалнакааит "акадифаамҭазы" аԥсшьара еиҳа хәмариала иахьалшо ақалақьқәа.
АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Афон ҿыц "акадифаамҭазы" аԥара рацәа нымхкәа аԥсшьара ахьалшо аҭыԥқәа рсиа иаҵанакит ҳәа аанацҳауеит TVIL.RU.
80% еиҵахеит цәыббрамзатәии жьҭаарамзатәии ахәқәа Истреи Сортавалеи ақалақьқәа рҟны нанҳәамза иаҿырԥшны.
50% ахәқәа лаҟәит Ессентукии Переславль-Залесскии, Казань –40%.
TVIL.RU астатистикала, атуристцәа заанаҵы абри аамҭазы аҿаҵарақәа ҟарҵоит 2-11 уахы, иазыхиоуп уахыки ҽнаки ала 1,1 - 4,7 нызқьмааҭ аныхра.
Ахәԥсақәа еиҳа иахьылаҟәыз ахырхарҭақәа жәаба:
  • Истра 4700 мааҭ 2,5 уахы
  • Сортавала 1100 мааҭ 3 уахы
  • Ессентуки 1392 мааҭ 4 уахы
  • Переславль-Залесский 2800 мааҭ 2 уахы
  • Казань 1834 мааҭ 5 уахы
  • Афон ҿыц 1320 мааҭ 10 уахы
  • Калининград 1997 мааҭ 7 уахы
  • Соль-Илецк 1450 мааҭ 4 уахы
  • Еиск 1718 мааҭ 11 уахы
  • Судак 2402 мааҭ 9 уахы
Асиа шьақәыргылоуп 2021 шықәса цәыббрамзеи жьҭаарамзеи рызтәи заанаҵтәи аҿаҵарақәа рышьаҭала.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0