Аҟәа амҩадуқәа рҟны ашколхәыҷқәа Георгиатәи ацахақәа ршоит

Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аҿы Аиааира 70 шықәса ахыҵра иазкны Аҟәатәи ашколхәыҷқәа акциа "Георгиатәи ацаха" рхы аладырхәит.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аҿы аиааира 70 шықәса ахыҵра иазкны  Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны акциа "Георгиатәи ацаха" мҩаԥысит.

Аҟәа ақалақь ахадара апротоколи жәларбжьаратәи аимадареи рыҟәша аиҳабы  Ирина Шьониа лажәақәа рыла, аҳҭнықалақь ахадара акыршықәса инеиԥынкыланы акциа "Георгиатәи ацаха" амҩаԥгара иацхраауеит.

"Акциа мҩаԥысуеит "Исгәалашәоит, сгәы аздууп!" алозунг ала. Ари акциа есышықәса имҩаԥаагоит, уи алагьы Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аҿы Аиааира 70 шықәса ахыҵра ҳгәалашәараҿ ишыҟоу ааҳарԥшуеит, ауаажәлар, аиҳарак аҿар азҿлымҳахартә иҟаҳҵар ҳҭахуп", — лҳәеит Шониа.

Ажәабжьқәа зегьы
0