Кан Ҭаниа даԥхьеит Алықьса Гогәуа иажәеинраала

Анапаҵаҩра
Sputnik. Аԥхьарақәа ирыцеиҵеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа, иара Алықьса Гогәуа иажәеинраала "Аԥхыӡ збеит" даԥхьеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 – Sputnik апресс-маҵзура. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апортал аҟны аԥсышәалеи урысшәалеи аусура иалагеит апоезиа аларҵәара иазку апроект Sputnik. Аԥхьарақәа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны еицырдыруа аԥсуа политикцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аспортсменцәа, амузыкантцәа иналукааша аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа ирыԥхьоит. Sputnik Аԥсны аестафета аднакылеит Sputnik Молдова аҟынтәи. Ҿыц апроект  ихы алаирхәит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа, иара даԥхьеит Алықьса Гогәуа иажәеинраала "Аԥхыӡ збеит".

"Sputnik Абхазиа иҭабуп ҳәа азысҳәоит апроект Sputnik.Аԥхьарақәа ахаԥшьаргаз азы, насгьы ааԥхьара ахсырҭазгьы. Аԥсуа поезиа аларҵәаразы ари апроект даара акраҵанакуеит. Аԥсуа поезиа ианыԥшуеит аԥсадгьыл ахь ауаа ирымоу абзиабара, аҭоурых. Алықьса гогәуа иажәеинраала иаҳнарбоит апоет иԥсадгьыл дшазыҟоу. Ҳара ҳхатәы ҳәынҭқарра ҳамоуп, ԥхьаҟа иҳарӷәӷәалароуп", ҳәа иҳәеит Кан ҭаниа.

Апроек хациркит Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Инал Лазба. Иара даԥхьеит еицырдыруа аԥсуа поет Таиф Аџьба иажәеинраала "Амра ссируп аҭашәамҭаз". Апроект лхы алалырхәхьеит Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцԥҳа, иара убас еицырдыруа актиор, акинематографистцәа рхеидкыла ахада Кьасоу Ҳагбеи, акоманда КВН акапитан Ҭемыр Ҭаниеи, Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳаи.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны апоезиатә естафета хықәкны иамоуп ауаа ԥшшәырацәала еилаԥсоу абри адунеи аҟны реизааигәатәра. Убри азы ахархәара арҭоит адунеи зегь азы аҵакы змоу амалқәа – абзиабара, аԥсҭазаара, аԥшӡара зҵазкуа, иналукааша апоезиатә рҿиамҭақәа рыԥхьара. Апроект хацыркын Кыргызсҭан, 2015 шықәса хәажәкырамзазы. Иара рхы аладырхәит атәыла аҳәынҭқарратә мчра ахаҭарнакцәа, аҟазара аусзуҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. 2015 шықәса нанҳәамзазы апоезиатә естафета Sputnik. Аԥхьарақәа ииасит Sputnik Молдова ахь. Уаҟа иара рҽаладырхәит жәлар рартист Константин Москович, ареспублика аҟазара арҿиаҩы Иури Хармелин, Ареспублика Молдова Аславиантә университет аректор Татиана Млечко, Гагаузиа ахада Ирина Влах.

Sputnik (sputniknews.com) – жәабала атәылақәа рыҟны иҟоу ажәабжьтә маҵзура, амультимедиитә информациатә хабқәа зманы иҟоу арадио. Sputnik ахь иаҵанакуеит 30 рҟынӡа асаитқәа, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭарақәа, амобилтә цҵақәеи асоциалтә ҳақәа рыҟны адаҟьақәа. Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0