Кьасоу Ҳагба Sputnik иазеиҭеиҳәеит атеатри, изанааҭи, ирольқәеи ртәы

Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аҧсни Аҧсны акультура аминистрреи авидеопроект ҿыц ''Атеатри аҧсҭазаареи'' аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҧсны иреиҳаӡоу атеатрқәа хҧа рактиорцәа атеатр апроблемақәеи аихьӡарақәеи ртәи, азанааҭ аспецификеи ирыхцәажәоит.

Апроект "Атеатри аԥсҭазаареи" ааиртит Аԥсны акинематогрофистцәа рхеидкыла ахада Кьасоу Ҳагба.

Атеатр ахь абзиабара Кьасоу Ҳагба изцәырҵит даныхәыҷыз инаркны, иқыҭа гәакьа Дәрыԥшь, анаҩс иара Гәдоуҭатәи атеатр аҿы аспектакльқәа дрыхәаԥшуан, усҟан иара ихахьгьы иизагомызт мышкызны актиорк иаҳасабала атеатр ахь ишьапы иихыгоит ҳәа, атеатр дахәҭакхоит ҳәа.

"Иарбан заанаҭзалакь ауаҩы инапы злаку, уи иара игәы гәырӷьарыла иарҭәуазароуп. Актиор сааҭцыԥхьаӡа ироль ала дынхозароуп, ироль убас еиԥш инаигӡалароуп ахааназгьы ус ҟаимҵацызшәа, ахәмарра ахәаԥшҩы игәаҵанӡа инеироуп", — ҳәа иазиԥхьаӡоит Ҳагба.

Кьасоу Ҳагба иажәақәа рыла, акиортә ҟазара аџьабаа ду ацуп, аха уи аџьабаа ауаҩы игәы иаахәартә еиԥш иҟазароуп.

"Џьоукы агәаанагара рымоуп актиор изанааҭ мариоуп ҳәа, саргьы ус сгәы иаанагон, аха уи ус акәым. Ахәаԥшҩы иизнауго уара ухаҭа узын иҿыцу акы аанартуазароуп", — иҳәеит актиор.

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аҧсни Аҳәынҭқарра акультура аминистрреи еиҿнакааит авидеопроект ҿыц "Атеатри аԥсҭазаареи". Иара хацыркыуп хәажәкыра 27 рзы ари амш Жәларбжьаратәи атеатр иамшуп азы. Аҧхьаҩ раҧхьаӡа акәны алшара имазаауеит аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу атеатрқәа хҧа — Самсон Ҷанба ихьӡ зхыу адраматә театр, Аурыс драматә атеатр, Аҿар ртеатр, рыҧсҭазаара агәылалара, атеатр апроблемақәеи аихьӡарақәеи актиор хадацәа рҟынтә аилкаара.

 

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0