Ашәаҳәара иазҟазоу Леонти Гәымба иаҳзеиҭеиҳәоит агәыблыра шизцәырҵыз атәы

Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Леонти Гәымба еиҭеиҳәоит ашәаҳәарахь агәыблыра дшыхәыҷыз нахыс ишикыз атәы.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Леонти Гәымба ирҿиаратә мҩа шалагаз далацәажәо иҳәоит дшыхәыҷыз инаркны ашәаҳәара дшаҿу, уи ада ԥсҭазаарак ыҟоуп ҳәа дшыҟам. Иашәаҳәаратә мҩа ахы хацнаркит иқыҭа гәакьа Дәрыԥшь аҟны, усҟан иара ихыҵуан 15 шықәса.

"Сара убас еиԥш иҟаз аамҭа салиааит ашәаҳәареи акәашареи акырӡа пату анрықәыз. 15 шықәса анысхыҵуаз Дәрыԥшь ақыҭаҿтәи аклуб аҟны раԥхьаӡа асценахь сцәырҵит, усҟан уа еиҿкааны иҳаман ақыҭатә ансамбль, напхгара азиуан Купта Гьерзмаа. Ҳқыҭаҿы ныҳәак чарак ахьыҟазаалак ааԥхьара ҳарҭон, убысҟак ҳаракыла уи ҳадаҳкылон. Ачараҿы ашәа ҳҳәон, амҩа ҳахьықәызгьы ашәа ҳҳәон, еснагь ашәаҳәаран ҳазҿыз", — ҳәа иҳәоит дахыхәмарны ашәаҳәаҩ.

50-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны қыҭацыԥхьаӡа еиҿкааны ирыман ашәаҳәаратә ансамбльқәа. 

"50-тәи ашықәсқәа рзы қыҭацыԥхьаӡа еиҿкааны ирыман ашәаҳәаратә ансамбльқәа. Дара рылахәын аныҳәақәа зегьы. Акультуратә хан аҟны ансамбльқәа рҟазара аҩаӡара ахәаԥшра анымҩаԥыргоз ахшыҩзышьҭра ду арҭон, иалырԥшаауан аҟыбаҩ злаз ашәаҳәаҩцәа. Сгәалашәараҿ иаанхеит 16 шықәса анысхыҵуаз сызлахәыз Қарҭ имҩаԥыргоз "Аԥсны акультура амшқәа" захьӡыз аныҳәа, усҟан уахь иргоз ансамбль анеиҿыркаауаз, ашәаҳәаҩцәа ақытақәа зегьы рансамбльқәа рыҟынтә иалырԥшаауан, уахь саргьы салашәеит", — ҳәа иҳәеит дазгәыдууны артист.

Акыр шықәса инеиԥанкыланы Гәдоуҭатәи акультуратә хан еиҳабыс иҟаз, ашәаҳәаратә ансамбль "Риҵа" инаныгӡо арепертуар аҟынтә ашәақәа жәпакы рыхкы назыгӡоз, иара асахьаркыратә напхгаҩыс иҟаз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Леонти Гәымба насыԥ змоу уаҩуп ҳәа уҳәар ауеит. 

Леонти Гәымба диит 1941 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҿы. Иҭаацәаратә ԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи егьа уадаҩ ацзыргьы, иахьа иџьабаа змырӡуа, ԥхьаҟа изго, аԥсуа культура ахьӡ-аԥша еихазҳауа аҿар рааӡара инапы алакуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0