Гогәуаа Ҭырқәтәыла ишықәнагалаз аҭоурых дазааҭгылеит Сонер Гогәуа

Анапаҵаҩра
Сонер Гогәуа еиҭеиҳәоит иабду иҟынтә иаҳахьаз Гогәуаа Ҭырқәтәыла ишықәнагалаз аҭоурых.

Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан инхоз Гогәуаа рабиԥара 1870-тәи ашықәсқәа рзы амҳаџьырра ахҵәара иақәшәеит, урҭ рхылҵшьҭрақәа дреиоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы зхатә гәаԥхарала Ҭырқәтәылантәи иааны еибашьыз, ашьҭахь нхара ҳәа Аԥсны иаангылаз, аҭаацәара ԥшӡа аԥызҵаз Сонер Гогәуа.  

1870-тәи ашықәсқәа рзы Сонер Гогәуа иабду иаб – Иакәыб Гогәуа ҩыџьа иашьцәеи иареи ахҵәара иақәшәеит, дара амҳаџьырра ацәгәырԥа Ҭырқәтәыла Сақариа ақалақь ахь инанагеит, ашьҭахь Сҭамԥыл ақалақь азааигәара анхара иалагеит.

Сонер Гогәуа изку аҭоурых шәаԥхьар шәылшоит абра

"Зегь раԥхьаӡа амҳаџьырра аӡбахә саҳаит 15 шықәса анысхыҵуаз сабду Ҭафықь Гогәуа иҟынтә. Дара Гәыԥ ақыҭан инхон. Сабду аԥсышәала дцәажәон, ҳшаԥсыуааз ҳаиҳәон, ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсны ауп, ҳәа иҳәон еснагь. Ҳара Ҭырқәтәыла иҟаҳҵои, ара ҳаазгеи ҳәа азҵаарақәа ҳазцәырҵон иара аҭоурых аиҭаҳәара даналагалак. Ижәдыруеит 1870-тәи ашықәса раԥхьа иҟан акымкәа-ҩбамкәа ахҵәара ацәқәырԥақәа, усҟан иагаз аԥсуаа рҽеидыркылан Ҷлоу ақыҭа ҳәа иахьӡҵаны Ҭырқәтәыла ақыҭан анхара иалагеит. Иазгәасҭоит, аԥсуаа адгьылқәа рыԥшаауан Аԥсны еиҳа иахьеиԥшыз. Еилкаауп ҳара Гогәуаа Гәыԥынтә ицаз ҳауп, аха Ҷлоунтәи Гогәуаа рацәан аҟынтә уахь аицынхара иалагеит ҳаиҳабацәа", – ҳәа иабшьҭра аҭоурых еиҭеиҳәеит  Сонер Гогәуа.

Сонер Гогәуа иабшьҭра аҭоурых иабду Ҭафықь Гогәуа иҟынтә ауп ишиаҳаз, усҟан иара 15 шықәса ихыҵуан. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0