Акәашара, ашәаҳәара, анапеинҟьабжь - ари зегьы рбеит афестиваль "Аԥхьарца" иаҭааз

Анапаҵаҩра
Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар ринструментқәа рфестиваль "Аԥхьарца" мҩаԥган Аҟәа хәажәкыра 1 аҽны.

Ражден Гумба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥган абыжьбатәи Жәлар ринструментқәа рфестиваль "Аԥхьарца".  Афестиваль иалахәын Гагра, Очамчыра, Пицунда, Гәдоуҭа ақалақьқәа рҿы еиҿкаау аколлективқәа.

"Афестиваль аҿар рыбжьара жәлар ринструментқәеи рашәақәеи апропаганда азуреи аларҵәареи рзы имҩаҧаагоит. Уи еицырдыруа амузыкатә коллективқәеи жәлар ринструментқәа рыла ашәақәа рынагӡаҩцәеи рхы аладырхәоит", – ҳәа иҳәеит жәлар рҟазара ареспубликатә центр анаҧхгаҩы Нури Кәарҷиа.

Раԥхьаӡа акәны афестиваль мҩаԥган 2011 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0