"Ацынҵәарах": Шьынқәба ироман еиуеиԥшым абызшәақәа рыла

Анапаҵаҩра
Sputnik аусзуҩцәеи аҩызцәеи ароман актәи ахәҭа аҵыхәтәантәи ахы "Ҳнышә-напқәа шьҭыхны…" аҟынтә ацыԥҵәаха иаԥхьоит аԥсышәала, араб бызшәала, урысшәала, ҟазах бызшәала, аукраин бызшәала, англыз бызшәала, анемец бызшәала.

Ари ацыԥҵәахаҿы хадара злоу ахаҿсахьа Заурҟан Золак еиҭеиҳәоит, аублаа, иаргьы уахь дналаҵаны, аканџьа иақәтәаны, рыԥсадгьыл ааныжьны ҭырқәтәылатәи аӷбахь амҩа ишықәлаз.

Ароман аҿынтә иалхуп ахы, ибзианы иахьаарԥшу ауаа зыԥсадгьыл зҩынқәа наӡаӡа иаанзыжьуа ргәалаҟазаара зеиԥшроу, 

Рызегьы аӷбантә иахьыԥшуаз еиҳа-еиҳа ихарахоз рышьхақәеи рҟәареи рахь акәын.

Аҭоурыхтә-философиатә роман "Ацынҵәарах" аҿы иаарԥшуп аублаа рҭоурых, Кавказтәи аибашьраан рыԥсадгьыл аанрыжьыр акәхеит. Ароман еиҭагоуп акыр атәым бызшәақәа рахь. Раԥхьаӡакәны икьыԥхьын 1974 шықәсазы ажурнал "Алашара" аҿы.

Ашәҟәыҩҩы аублаа зегьы рықәыӡӡаара дахәаԥшуеит адунеизегьтәи проблеманы, адунеитә цивилизациазы ицәыӡ дуӡӡоуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0