Акәашаратә баттл: "Тодес-и" "Ты супер! Танцы" алахәылацәеи еицыкәашеит

Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik иара убасгьы акәашаратә коллектив "Тодес" имҩаԥыргеит амастер-класс апарк Музеон аҟны апроект "Ты супер! Танцы" алахәылацәа рзы.

Алла Духова лтеатр иналукааша асолистцәа акәашаҩцәа қәыԥшцәа арепетициа рыцымҩаԥыргеит, ҳаамҭазтәи акәашарақәа релементқәа ддырбеит. Ари аԥышәа ахәыҷқәа ирыхәараны иҟоуп цәыббра 2 рзы ихацыркхо апроект аҿы.

Цәыббра 2 рзы ателеканал НТВ ихацныркуеит жәларбжьаратәи ахәыҷтәы кәашаратә конкурс "Ты супер! Танцы". Апроект алахәылацәа ироуеит алшара атәыла иреиӷьу арҵаҩцәа, азыҟаҵаҩцәа аус рыцура, рхы аарԥшра, аҩызцәа ҿыцқәа рыԥшаара.


Ажәабжьқәа зегьы
0