"Асду" аиҭаҭыжьра: Sputnik аҟны еиҭарҳәеит ашәҟәы аиҭаҭыжьра шыҟалаз

Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Рышәҟәыҩҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Гогәуа ироман "Асду" азыргара мҩаԥысит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны цәыбрра 25 аҽны.

Москва Жәларбжьаратәи амультимедиатә центр "Россия сегодня" имҩаԥысит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогуа ироман "Асду" аиҭаҭыжьра иазкыз аӡыргара. Аӡыргарааан Москвеи Аҟәеи Sputnik Аԥсны апресс-центри видеоцҳала еимадан. Аусмҩаԥгатә иалахәын автор Алықьса Гогуа, ашәҟәыҩҩцәа Даур Наҷҟьебиа, ажурналист Надежда Венедиктова, апоет Анатолии Лагәлаа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, ашәҟәыҩҩы имаҭа Кан Ҭаниа, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Татиана Гәлыиаԥҳа. 

"Асду" аиҭаҭыжьра мҩаԥысит аиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" абзоурала.


Ажәабжьқәа зегьы
0