Ажәлар раԥхьагыла: Аԥсны раԥхьатәи Ахада Арӡынба дыргәаладыршәеит Аҟәа

Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәаларшәара аҳаҭыраз афилармониаҟны имҩаԥган аконцерт, цәыббра 26 аҽны.

Аҵарауаҩ, аԥсуа жәлар раԥхьагыла, Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәаларшәара иазкыз ахәылԥаз еиҿнакааит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭкарратә еилакы.

Аконцерт иалахәын ашәаҳәаратәи, акәашаратәи ансамбльқәеи, аестрадатә шәаҳәаҩцәеи.

Ахәылԥаз, иара убас, иалахәын Владислав Арӡынба ихьӡ зыхҵоу Аԥсны ииз ахәыҷқәа.


Ажәабжьқәа зегьы
0