Аҟәа амҩадуқәа рҟны ашколхәыҷқәа "Георгиатәи ацахақәа" ршеит

Анапаҵаҩра
Ацҳа ҟаԥшьи Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәеи рыҟны имҩаԥысыз акциа иалахәын аволонтиорцәа – Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол №10 аҵаҩцәа, Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахаҭарнакцәа, Аԥсны ААИ аусзуҩцәа.

Акциа "Георгиатәи ацаха" Аԥсны еиҿнакааит Sputnik Аԥсны. Акциа сынтәа имҩаԥгахеит лаҵара 7 рзы. Ашколхәыҷқәа алентақәа рзыршон аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи. Ирацәаҩын иазгәазҭоз Аиааира амш Урыстәылеиԥш Аԥсны иқәынхо ажәларқәа рзгьы акрызҵазкуа ҭоурыхтә ныҳәаны ишыҟоу.

"Георгиатәи ацаха" раԥхьатәи акциа мҩаԥысит 2005 шықәса рзы. Нас иара традициак аҳасабала ишьақәгылеит. 2015 шықәса рзы иара еиднакылеит Урыстәыла арегионқәа, СССР уаанӡатәи атәылақәа, Бырзентәыла, Франциа, Италиа, Латвиа, Великобританиа, ЕАА, Германиа, Китаи, Вьетнам, Бельгиа, Афганистан уҳәа жәабала атәылақәа рҿы.

Инарҭбаан шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0