Путин: WADA аӡбамҭа Аолимпиатә хартиа иаҿагылоуп

Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин Жәларбжьаратәи антидопингтә агентра (WADA) урыстәылатәи аспортсменцәа рганахьала иаднакылаз аӡбамҭа ахҳәаа азыҟаиҵеит.

Уаанӡа аиҿкаара анагӡаратә еилакы аӡбамҭа Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ралагаларази Урыстәылатәи антидопингтә агентра (РУСАДА) ашьашәалара астатус амхрази аӡбамҭа еицҿакны иаднакылеит. Аурыс спортсменцәа жәларбжьаратәи аицлабра дуқәа рылахәра алшара рымаӡам, Аолимпиатә хәмаррақәа убрахь иналаҵаны, ԥшышықәса рыҩнуҵҟа. "Ицқьоу" аспортсменцәа зақәык роуп уахь анеира азин зауа, урҭ анеитралтә статус рыманы ауп аицлабра шрылшо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0