Жәларбжьаратәи апресс-центр аҟны Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иқәгылара хыркәшоуп

Анапаҵаҩра
Аԥсны алхратә ҭыԥқәа зегьы адыркит хәажәкыра 22, асааҭ 20:00 рзы. Алхратә комиссиа хада иаразнакала абжьқәа рыԥхьаӡара нап адыркит.

Раԥхьатәи иофициалтәым адыррақәа рыланаҳәеит Аслан Бжьаниа иштаб. Урҭ инарықәыршәаны, аоппозициатә блок аԥыза 59% рҟынӡа абжьқәа иоуит, ус анакәха актәи атур аҟны аиааира игоит.

Бжьаниа иштаб инықәырԥшу рдыррақәа рыла, Адгәыр Арӡынба 35% раҟара абжьқәа иоуит, Леонид Ӡаԥшьба – 2% инархыҳәҳәаны. Зегьы ирҿагыланы рыбжьы рҭиит 1%, даҽа 3% абиуллетенқәа ԥхасҭартәит.

Абри ашьҭахь Адгәыр Арӡынба иконкурент хада иштаб ахь амҩа дықәлеит, Бжьаниа хаҭалагьы ииааира идиныҳәаларц. Иара иҳәеит Бжьаниа ипрограммаҿы дызлацәажәоз агәҭакқәа зегьы нагӡахозар Арӡынба икомандагьы рыжәҩахыр аҭара ишазыхиоу.

Аԥсны ахада иалхрақәа ирылахәуп хҩык акандидатцәа – Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба. Алхрақәа мҩаԥысуеит атәыла алхратә ҭыԥқәа 152 рҟны иара убас анҭыҵ – ақалақьқәа Москвеи Черқьесски. Алхрақәа мҩаԥыслоит ахәылбыҽха 20:00 сааҭ рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0