Аныҳәа иазхиоуп: Аиааира Ду амш иазку апарад аҽазыҟаҵара Аҟәа ишымҩаԥысыз

Анапаҵаҩра
Лаҵара 7 рзы Аҟәа имҩаԥысит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 76 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы имҩаԥысраны иҟоу апарад аҵыхәтәантәи аҽазыҟаҵара.

Аҟәа имҩаԥысит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 76 шықәса ахыҵра иазку апарад арепетициа хада. Уи иалахәын 17 парадтә гәыԥ - иааидкыланы 600-ҩык инареиҳаны аруаа. Апарад аҽазыҟаҵара иаҿын ҩымз инареиҳаны. Аруаа рыдагьы, уи иалахәуп Аԥсны ААР, АҶА, Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа рколоннақәагьы.

Раԥхьаӡа акәны апарад рхы аладырхәуеит Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа астудентцәа. Агәырӷьаратә марш адырҳәоит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аоркестр. Аиааира Апарад мҩаԥысраны иҟоуп лаҵарамза 9 рзы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0