"Аԥсабара ангәрымуа": амшцәгьа Аԥсны аахас ианаҭаз

Анапаҵаҩра
Амҽыша ахәылбыҽха Аԥсны иахьаҵанакуа амшцәгьа ҟалеит, аԥшатлакә асит, ақәаршыҩ леит. Аҩнқәа рхыбқәа рыхнахит, аҵлақәа канажьит, уи иахҟьаны амҩа ду хадақәа рҿы аныҟәара аанкылахеит.

Аԥсны АҶА амҩақәа зегьы аадыртит идрыцқьеит, иасыз аԥшацәгьа иахҟьаны икаҳаз аҵлақәа рҟынтәи. АҶА аҟны иазгәарҭеит, ԥхынгәы 4 рзы имҩаԥыргоз аусурақәа ишрылахәыз шә-ҩык аусзуҩцәа. Арцықьарақәа ирылахәын Аԥсны атәылахьчара аминистрра аруаа.

Аслан Бжания и Беслан Эшба провели инспекцию по Сухуму после урагана - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Аслан Бжьаниеи Беслан Ешбеи амшцәгьа ашьҭахь Аҟәа иаиуз аԥхасҭа еицгәарҭеит

Асааҭ 18:00 рзы ареспубликатә мҩаду Афон ҿыц иахьаҵанакуа амҩа аркын, атранспорт аныҟәара аанкылан. Амҩақәа ирныжьлан икаҳаз аҵлақәа. Амҩа аҿықә икаҳауаз аҵлақәа афымцацәаҳәақәа ԥнаҵәҵәеит.

Аԥсны араионқәа зегь рҟны аԥшаӷьы аҵлақәа канажьит, афымцашьаҟақәа аԥхасҭа рнаҭеит.

Асааҭ 20:00 рзы еилкаахеит аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы Аҟәа ақалақь ахадараҿы ишаԥҵаз аоперативтә штаб. Уи напхгара аиҭоит аҳҭнықалақь аиҳабы Беслан Ешба.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи ԥхынгәы 4 рзы иҟаз амшцәгьа иахҟьаны Аҟәа аԥхасҭа ахьаиуз ахәҭақәа ирҭааны игәарҭеит.

Атәыла ахадеи аҳҭнықалақь ахадеи астанциа маҷ НИИ ЕПиТ аҟынтәи ицо афымцацәаҳәақәа ахьԥҵәаз Ӡиӡариа имҩа, аҵла дуқәа ахьхжәаз Воронов имҩа рахь инеит, ақалақь агәы иаиуз аԥхасҭа ахәшьара арҭеит.

Сильный ветер в Сухуме повалил деревья  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Аԥсны иасуаз аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа: иалкаау

Бжьаниа иазгәеиҭеит аԥхасҭа зегьы иааидкыланы ахәшьара анарҭалак ашьҭахь, аҳәынҭқарра хара имгакәа уи аԥыхразы аԥара шоунажьуа.

"Сара хаҭала избар акәын иҟоу аҭагылазаашьа, избанзар атәыла ахадас сыҟоуижьҭеи ари аҩыза сақәымшәацызт. Ақалақь ахадара иалшо зегь ҟанаҵоит амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы. Аҷкәынцәа иаха ҵхыбжьонынӡа аус руан, иахьагьы шьыжьнаҵы рус иацырҵеит. Иҟалаз ԥсабаратә цәырҵроуп, уи азԥхьагәаҭара уадаҩуп", - иҳәеит иара.

Аҟәа ақалақь ахада иара убас иажәа иацҵо иҳәеит макьана ишеилкаам амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аԥара ахьынтәиаарго, аха "аҳәынҭқарреи атәыла ахадеи рыцхыраарада ирылшо маҷуп", - иҳәеит иара. Иҟалаз аԥхасҭазы аматериалқәа зегьы нашьҭхоит Аԥсны ахада иҿы иҟоу Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы акомиссиа ахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0