Илабҿабахаз аҭоурых: аԥсуа еибашьыга шхәа аӡы ишхырҵаз

Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ажәытәан рхы иадырхәоз аибашьыга шхәа архивтә ҵәаӷәанҵала еиҭашьақәдыргылеит петрозаводсктәи аҟазацәа.
Аԥсуа еибашьыга шхәа ареплика ареспубликахь иааргараны иҟоуп амчыбжь анҵәамҭаз. Иара архивтә сахьақәа рыла Петрозаводск амҿы иалхны иҟарҵеит аетнопарк "Аԥсны" аҿаҵала. Уи қәҿиарала иԥыршәеит Онегатәи аӡиаҿы иҟоу аӷбаргыларҭа "Варяг" аҿы. Ашхәа аура 14,5 метра иҟоуп, аҭбаара - 2,5 метра. Ажәҩақәа 14 амоуп. Карелиатәи аԥсаӡи аџьи ирылхуп. Сааҭк ала аццакра 12-14 километра инаӡоит. 50-ҩык ауаа акуеит. Ашхәаргылараан аҵәаӷәанҵа аԥсахрақәа алагалатәхеит. Аԥсуа шхәақәа роура 17 метра иҟан, аха нас амҩангара маншәалахарц азы уажәы аура иагдырхеит.
Аԥраҿы иануп ахьшь асахьа - аетнопарк "Аԥсны" асимвол.
Ашхәа Аԥсныҟа амҩа иқәыргалахьеит. Аҩаша иара мҩанызго Баҭал Џьапуа, аклуб "Афырхы" ахантәаҩы Адгәыр Какоба, аетнопарк "Аԥсны" апроект автор Мзауҷ Ԥлиа ирыгәҭакуп Маиҟәаԥ идгыларц. Аԥсныҟа аԥшьашаҽны иаагахоит.
Аԥсуа еибашьыга шхәа аҵәаӷәанҵақәа Баҭал Џьапуа иҟаиҵеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рархивтә сахьақәа рыла, аетнографцәа рыҭҵаарақәа рыла. Иазԥхьагәаҭоуп даҽа шхәакгьы аҟаҵара.
Ажәабжьқәа зегьы
0