Амҩа, аԥсшьара, адгьылҳәазара: зҽызыԥсахи Риҵа

Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк еиҿкаан Риҵатәи аҳәырԥссара ашьаҭала жьҭаарамза 1996 шықәсазы.
Риҵатәи амилаҭтә парк Аԥсны зегь раасҭа аԥсшьацәа зҭаауа ҭыԥ ԥшӡароуп. Аҳәырԥсарра анаадырт инаркны иахьа уажәраанӡа ауаа рацәа анаҭаа ҳәа иалкаауп сынтәа. Риҵатәи апарк адгьыл ҵакыра 36 нызқь гектр ыҟоуп. Ирацәоуп араҟа аиҭашьақәыргылара зҭаху. Хәыҷы-хәыҷла ирҿуп аԥсахрақәа. Сынтәа апарк аиҳабыра 47 километра иҟоу амҩа 26 километр асфальт ықәырҵеит. Иаӷьатәи аӡылбааҽҽахьы ахалара еиҳа имариахеит, уахь амш иалагӡаны 300 машьына халоит. Афымцалашареи аӡи еиԥҟьарада ироуеит аӡиа Риҵа ааигәа иҟоу ахыбрақәа. Шықәсык аԥхьа апарк акоммуналтә усбарҭа аусзуцәа 4 километрак авольтҳарак фымцаҳа рыԥсахит. 1947 шықәсазы ара иргылаз астанциа амчхара мегаваттк иҟоуп. Лаҵарамзаз иауз ақәаршыҩ иахҟьаны Ауадҳара адгьыл ҳәазеит. Уи иахҟьаны аԥсшьацәа зҭаауаз аҭыԥқәа рахь амҩақәа еимаҳаит. Атехника наганы ицоз арыцқьарақәа рышьҭахь рашәарамзаз амҩа аартхеит.
Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0