Аҩыза ижәҩахыр: Урыстәыла арратә госпиталь Аҟәа аус шауло

Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны иаадыртит нанҳәа 18 рзы. Нанҳәа 19 инаркны уи ауаа рыдкылара иалагоит.
Амобилтә госпиталь автоколоннеи ахимиатә хьчара аотриади Аҟәаҟа иааит Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи 800 километра иахысны. Агоспиталь апансионат "Аиҭар" аҵакыраҿы идыргылеит.
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Ҩаԥхьа ацхырааразы иааз: Урыстәылатәи амобилтә госпиталь зеиԥшроу
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи. Асасааирҭа "Аиҭар" аҟны зыԥсы зшьо асасцәеи амобилтә госпиталь аҳақьымцәеи хаз-хазы иҟазаауеит, уи азы аанда ҟаҵоуп. Иара убас амобилтә машьынақәеи, атехника ҷыдеи аргыларҭа азы хаз игоу амҩа азылхуп.
Уи адагьы амедусзуҩцәа рзы хаз игоу афатәҟаҵарҭеи амаҭәаӡәӡәарҭеи еиҿкаауп.
Амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0