Роспотребнадзор украинатәи "Артемсоль" аалыҵ Урыстәылаҟа аагара ауӡом

© Sputnik / Василий Батанов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКрым аџьыкахыш аизгара. Архивтә фото.
Крым аџьыкахыш аизгара. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Роспотребнадзор иааннакылеит украинатәи аџьыкахыш "Артемсоль" Урыстәылаҟа аҭагалара ажьырныҳәа 26 инаркны, ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апрес-маҵзура.

АҞӘА, ажь 26  — Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырадгьыл ахь "Артемсоль" иҟанаҵо аџьыкахыш алагалара аанкылоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Роспотребнадзор иҟанаҵаз аҳәамҭа иазхьаԥшны.

Аусбарҭа излаҳәо ала, 2014 шықәса абҵарамза инаркны "Артемсоль" иҟанаҵо аџьыкахыш иалазарц зыхәҭоу аиоди, егьырҭ ахәҭақәеи рганахьала агхақәа ҟаҵан, убри аҟнытә "Рспотребнадзор" ҷыдала ари аалыҵ иахылаԥшуа иалагеит аҳәаа ахысырҭақәа рҟны. Агәаҭарақәа иаадырԥшит амчра змоу азакәанԥҵара ахыԥарақәа шыҟаз. Убри аҟнытә абас еиԥш аӡбамҭагьы рыдыркылеит.

Аинформациа злаҟоу ала, "Артемсоль" иаанагоз аџьыкахыш урыстәылатәи аџьырмыкьаҿы 24 % хнаҩон. Иааидкыланы, Урыстәылаҟа иалагалахоит 59% аџьыкахыш. Аҩбатәи иреиҳаӡоу аџьыкахыш алагалаҩ – белоруссиатәи "Мозырсоль" оуп, уи 29 % хнаҩоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0