АҞӘА, хәжәк 1 — Sputnik. Еиду амилаҭқәа реилазаара амаӡаныҟәгаҩ хада Пан Ги Мун урыстәылатәи аппозиционер Борис Немцов Москва ишьра атәы иаҳаз ажәабжь даршанхеит, уи аус дақәыӡбоит, ахара зду ишахәҭоу иахьырхәызаауеит ҳәагьы дгәыӷуеит. Абри атәы РИА Новости иаанацҳауеит, Еиду амилаҭқәа реилазаара апресс-маҵзурахь адыррала.
"Амаӡаныҟәгаҩ хада дақәыӡбоит жәабран 27 рзы Урыстәыла иҟалаз Борис Немцов ишьра. Пан Ги Мун иазгәеиҭеит аусӡбара ишалагахьоу, ацәгьоуцәа ахьырхәызаауеит ҳәа дгәыӷуеит", — абри атәы аацҳамҭа аҟны иҳәоуп.
Пан Ги Мун Борис Немцов иҭынхацәеи иҩызцәеи дрыдышшылеит.