Литва Урыстәыла ақәлар ҳәа ишәоит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Вильнюс
Города мира. Вильнюс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Литва ауааԥсыра ацәшәоит Урыстәыла дара рҳәынҭқарра иақәлар ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Австриатәи агазеҭ Kurier аинформациа ала. Ашколхәыҷқәа рыбжьара ақьаадқәа ршоит абомбақәа ркажьраан рхы шымҩаԥыргаша атәы зҳәо. Вильниус амҩадуқәа рҟны аруаа рацәаҩуп.

АҞӘА, хәжәк 25 – Sputnik. Литва ауаажәлар ашәара ӷәӷәа рымоуп Урыстәыла рықәлар ҟалоит ҳәа, иара убас, Урыстәыла иатәу Калининград ақалақьи дареи реимадаразы Литва адгьылқәа ааныркылар ҟалоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости австриатәи агазеҭ Kurier аинформациа ала.

Атәыла ахада Далиа Грибаускаите Бельгиа аҳҭнықалақь аҟны дықәгылеит Москва дақәыӡбуа. Уи ааԥхьара ҟалҵеит Москва аганахь ала иҟоу асанкциақәа рырӷәӷәаразы.

Мрагыларатәи Европа аҭҵаара ацентр Мариус Лауринавичиус иазгәеиҭеит Литва иқәынхо ауаажәлар Урыстәыла рықәлар ҳәа ишацәшәо. Аналитик иажәақәа рыла, Москва рҽазыршәар ауеит Литва адгьыл ахәҭак аанкылара Урыстәыла иатәу ақалақь Калинингради еимардарц азы.

Литва апрезидент лажәақәа рыла, Урыстәыла Литва иақәлар НАТО ацхыраара рырҭарц азы хы-мыш рҭаххоит. Грибаускаите агәра ганы дыҟоуп Литва аруаа рхыԥхьаӡара шаҟа еиҳау аҟара ишеиӷьу ала Урыстәыла ақәылара ҟанаҵар аҭахызар иахьхәырц азы.

Аҭыжьымҭа иазгәанаҭоит Литва анапхгара агәҭынчымра шрынамҭо Калининград иҟоу аракетақәа  "Искандер". Ашколхәыҷқәа рыбжьара ақьаадқәа ршоит абомбақәа ркажьраан рхы шымҩаԥыргаша атәы зҳәо. Вильниус амҩадуқәа рҟны аруаа рацәаҩуп.

Аҭыжьымҭа агәаанагарала, Вильниуси Москвеи реизыҟазаашьақәа аруадаҩуеит Литва Адәныҟатәи аусқәа рминистр Линас Линкиавичиус НАТО Украинаҟа абџьар ашьҭра дахьадгыло.

Атәылақәа реимакқәа ируакуп иара убас, Урыстәылатәи агаз. Литва агәаанагарала, уи ахә цәгьацәоуп, Урыстәыла аҟынтәигьы 1,5 миллиард доллар архынҳәра иашьҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0